АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Гагра урыстәылатәи аҳәса еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿы ахԥатәи аҭыԥ арҭеит, абри атәы аанацҳауеит заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура Tvil.ru.
Ҭагалангьы аԥхын аиԥш аныҟәаҩцәа амшын аҿы аԥсшьара алыркаауеит. Убри азы иџьашьатәӡам аԥснытәи акурорт асеиԥш аԥыжәара ахьаиуз.
Ахырхарҭа | Уахыктәи ахәԥса (мааҭла) | Бжьаратәла аԥсшьара аамҭа |
Шәача | 2853 | 10 |
Анапа | 2076 | 11 |
Гагра | 3642 | 11 |
Санкт-Петербург | 2836 | 6 |
Кисловодск | 2394 | 9 |
Геленџьик | 3169 | 10 |
Иалта | 3304 | 8 |
Феодосиа | 1918 | 11 |
Кабардинка | 2313 | 8 |
Алушта | 3155 | 9 |
Аԥыжәара амоуп Шәача, иара алыркаауеит 39% урыстәылауаҩҳәса. Анапа аҽаҵарақәа -9%, Гагра-5%.
Реиҳа ибиуџьеттәу ахырхарҭа ҳәа иалкаауап Феодосиа – уахык бжьаратәла 1918 мааҭ шәатәуп. Гагра реиҳа зыхә дуу вариантуп, бжьаратәла уахыктәи аҟазаара 3600 мааҭ итәоит.