Арадио

Гәлариа Аиааира амш азы зныктәи ацхыраагӡақәа рзы: цәыббрамза нҵәаанӡа ишәахоит

Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иҭахаз рҭаацәарақәа зныктәи ацхыраагӡақәа шырзыршәо.
Sputnik
Аиааира амшныҳәазы иҭахаз рҭаацәарақәа 20-20 нызқь мааҭ рызшәахоит, уахь иаҵанакуеит 1150-ҩык ауааԥсыра. Иааидкыланы уи 23 миллион мааҭ артәоит ҳәа азгәеиҭеит Гәлариа.
"Аԥсна ахада иҟаиҵаз адҵа ала 4 категориак рахь иаҵанакуеит: Аԥсны зхы ақәызҵаз рҭаацәара; аибашьраҟны хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа; жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа; аҭаацәараҿы иҭахаз ма аинвалид дахьыҟоу. Атәынчахәы есымза ироуаз аԥхьа ирызшәахоит, анаҩс арҭ акатегориақәа ирыҵаркуа цәыббра 18 инаркны графикла ирзыршәо иалагоит", - иҳәеит Денис Гәлариа.
Иара убасгьы Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа еиҭеиҳәеит 2024 шықәсазы аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи ртәанчахәы иахьынӡацло, ԥсахрақәас иҟоу атәы.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.