Аԥсны

"Ирхыргаз рацәоуп": Бзыԥҭа инхо Ӡаӡаа рҭаацәа аибашьраан изыниаз атәы

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш аҽны, Цандрыԥшь аҳаблан, бџьарла еиқәных ақырҭуа десант анӡхыҵ, аԥсуа еибашьцәеи дареи рымчқәа еиҟарамхеит. Аӷацәа Гагра араион рнапахьы иаарго иалагеит. Ԥсахара иахысны ирмышьҭырц азы, аԥсуа хацәа Алаҳаӡыхь ақыҭа амшын инаркны ашьханӡа амҩақәа ркит. Ишьақәдыргылеит ахырӷәӷәарҭа. Мамзышьхантәи Бзыԥҭаҟа уназгоз ашьхаҭыԥқәа рҿы иҟаз ашәарҭареи, аҭыԥантәи анхацәа аԥсуа еибашьцәа цхыраарас ирырҭозеи атәы еиҭеиҳәоит Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы Динарик Хәыта-иԥа Ӡаӡба.
Мамзышьха амҩала Бзыԥҭа аҳаблахь уадаҩрада ушкылсуаз бзианы ирдыруан аҭыԥантәи ашәарыцацәа, ашьханыҟәара азҟазацәа. Убри аҟнытә, Цандрыԥшь инаркны Гагранӡа аӷацәа рымчқәа анеиздырҳа, Ԥсахара ақыҭа иахысыр аԥсуаа уеизгьы имариамыз ҳҭагылазаашьа еицәахон аҟнытә, абџьар змази измамзи рҽазыршәоит Алаҳаӡыхь амшын аԥшаҳәа инаркны ашьханӡа гәыԥла итәаны, ахырӷәӷәарҭа аԥҵара. Аӷацәа ари ацәаҳәа иахысызтгьы, аҳәара уадаҩуп ҳазқәдыршәоз. Пицундеи Бзыԥҭеи рымгарц азы, амчқәа маҷымкәа ари ахырӷәӷәарҭахь иаашьҭын. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иааргаз ақалақь ааныжьны, арратә штаб ахьеиҿкаахаз Бзыԥҭаҟа ацара иахьӡаз аԥсуа хацәа ҟалеит. Гагра иалахаз ракәзар, раӷьырак амҩаԥгаҩцәа рыбзоурала Мамзышьхала уахь илбаауа иалагеит. Уаҟа ирԥылоз дреиуан иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Динарик Ӡаӡба.
Ҩыџьа аишьцәа Ӡаӡаа рынхамҩақәа ашьха иаԥнуп. Мамзышьхала, Бзыԥҭа, Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭахь илбаауаз зегьы раԥхьаӡа Заур Ӡаӡба иҩнаҟны акәын иахьрыдыркылоз. Аԥшәма иашьеиҳабы Динарик ашьхаҭыԥқәа кәыцԥхьаӡа идыруан аҟнытә ахырӷәӷәарҭаҿы итәази, иаауази, ԥшыхәра ицози мҩаԥигон, ԥызара рзиуан.
Аԥсны
"Гагра араион ахақәиҭтәра ашьаҭа ахьакыз": аибашьраан Бзыԥҭатәи аштаб аус шауаз
Гагра араион ақырҭцәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз, изныкымкәа Мамзышьхала Бзыԥҭа аҳаблагьы иалахысхьан. Аиҳарак ашәарҭара иҭагылеит Ахәҵа анхацәа. Ус егьа иҟазаргьы, Ӡаӡаа рҭаацәа рынхарҭақәа нырмыжьӡеит, уимоу аштаб алхны аибашьцәа рыдыркылон.
"Есыҽны, 70-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ҳадаҳкылон. Сани, сыԥшәмеи, сҭацеи шәлитрак зкуаз ачуанқәа рыла рхәы ҟарҵон. Уи ашықәсан сасра иаҳҭаз Краснодартәи ҳҩызцәа иахьаауаз ааҵәала ачашылеи, ашьақари, ахәшеи ҳзааргеит. Ахшхарҵәы усгьы ҳара иҳаман. Ажәакала, абарҭқәа зегьы даара ҳдырманшәалеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы", - игәалаиршәоит Динарик Ӡаӡба.
Аишьцәа Ӡаӡаа ран Алеқсандра Барцыцԥҳаи, рыԥшәмацәа Зинаида Анталааиԥҳаи, Лиалиа Цколиаԥҳаи, ргәылацәа гәыԥҩыки ирылшаз рацәоуп Мамзышьхантә ихәны илбааргоз аибашьцәа раԥхьатәи ацхыраара арыҭараҿы. Зинаида занааҭла дмедиаҳәшьан аҟнытә аҭакԥхықәра аиҳарак лара илыдан. Ӡаӡаа рашҭаҿы ишьабоз аибашьцәа рыхәрақәа рыцқьаны, иҿаҳәаны Бзыԥҭа аҳабла агәаны иҟаз амедпункт ахь илбааргон, иуадаҩқәаз Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь иргон. Ус ишьыз хҩык аибашьцәагьы рҽеины, аԥсышьҭаҵарҭахь иршьҭит ари ашҭаҟнытә. Мамзышьха ахысбыжьқәа анеилалоз, Ӡаӡаа рысабицәа аҩнаҵаҟа иртәаны рус инадгылон. Ашәаразы аамҭа ыҟамызт. Ари аҩнаҭаҿы ирыдыркылон Кавказ Нхыҵынтәи хатәгәаԥхарала ицхыраарц иаҳзаауаз ҳашьцәагьы.
Аишьцәа Ӡаӡаа рыԥшәмацәа Зинаида Анталааиԥҳаи, Лиалиа Цколиаԥҳаи,
Динарик Ӡаӡба Гагра иалаханы иҟаз иаҳәшьаду лассы-лассы ҭелла лыҽлымеидон, иҭиҵаауан лыкәша-мыкәша иҟаз аҭагылазаашьа. Убас иналаршә-ааларшәны иҽимеидон аамҭала аус зциухьаз Руслан Иазычба.
"Ҽнак адырра соуит, Руслан Иазычбеи, Рауф Цымцбеи, Валера Бганбеи, даҽа ҩыџьа ахацәеи рыхьӡқәа сгәалашәом Мамзышьхала Бзыԥҭаҟа иаауеит урԥыл ҳәа. Урҭ наскьаганы иоузыжьуаз Вита Бганба аурысшәақь (винтовка) рыҭаны исзааишьҭит. Анцәа иџьшьаны рымҩа маншәалахеит. Ҳганахь ианаа, аҩны рыԥсы дыршьаны аԥсуа школ аҿы еиҿкааз аштаб ахь илбааҳгеит", - еиҭеиҳәоит Динарик.
Нанҳәамза 25 аҽны 1992 шықәсазы, Мамзышьха ӷәӷәала аидыслара ҟалеит. Усҟан, Гагра зымҽхакыз ампыҵахалаҩ ашьхараҟынгьы иԥшыхәратә гәыԥ иртәеит. Валери Смыр командаҟаҵаҩс дызмаз аԥсуа еибашьцәеи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуази ргәыԥ аӷа аҿагылара ирҭарц рҽазыршәеит. Аха ҩаԥхьа амчқәа еиҟарамызт. Аӷа хәымга ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит акомандаҟаҵаҩ Валери Смыри аҟабарда ҷкәынцәа Ибрагим Науржанови Нургали Канукови. Ари аидыслараан аҷкәынцәа мҩаԥызгоз Динарик Ӡаӡба иахьагьы ибла ихгылоуп уи ахҭыс.
"Убриаҟара ахқәа аауан, шьҭахьҟа ҳанылбаауаз еибгаз ҵлак убомызт, зегьы рықәцәқәа хырссан. Мамзышьха аԥшыхәра ҟамҵакәа знызаҵәыкгьы ҳхаломызт, аха уи аган ахь ҳдәықәлонаҵы, аӷацәа агәҽанҵара рымашәа иҳалахысуан. Ашьҭахь еилаҳкааит ҳгәы ҳшамжьоз. Аштаб аҟны итәаз милаҭла иоурысыз арратә чынуаҩык ҳацәгьа шиҳәоз ыҵҵеит", - ажәабжь иациҵоит Динарик Ӡаӡба.
Гагра араион аӷа даналцаха, Бзыԥаа рыбӷа еиҵырхит, аха, уи иаанагомызт ҭынчрахеит ҳәа. Ӡаӡаа аишьцәа рыԥсадгьыл аҿаԥхьа рырратә уалԥшьақәа шынарыгӡац инарыгӡон. Ус иааигәахеит Хәажәкыратәи ажәылара. Заур Ӡаӡба ахшара рацәа дышрабызгьы, игәшәа шырҳәозгьы аҩны даанымгылакәа амца ахьеилашуаз дцеит. Хәажәкыра 15-16 ишдыру еиԥш аԥсуа ар рзы иманшәаламхаз, ишьаарҵәырахаз жәыларахеит. Усҟан уахыки ҽнаки рыла иҭахеит 222 –ҩык аибашьцәа, хабарда ибжьаӡит 23. Убарҭ 23-ҩык рыгәҭа дыҟоуп Заур Ӡаӡбагьы.
Заур Ӡаӡба
Динарик Ӡаӡба ажәылара ашьҭахь, иашьа иԥсыбаҩ ибозар ҳәа аԥсуа ган аҟны дахьымԥшааз ҭыԥк ыҟамзар ҟалап, аха зегьы лҵшәадахеит. Аибашьра анеилга 1993 шықәса абҵарамзазы, Аҟәа ареспубликатә хәышәтәырҭа авара ҳаҷкәынцәа рзеиԥш ԥсыжырҭаҟны аԥсцәа аныҵырхуаз, Заур иаб Хәыта ари ахлымӡаах алаԥшра илымшеит, аха иан Алеқсандра аҵыхәтәанӡа убра дышгылазгьы лԥа длымбеит.
Лиалиа Цколиаԥҳа Заур хабарда даныбжьаӡ ашьҭахь, еилылкааит лцәа лтәымкәа дшыҟаз. "Сыԥшәма дыхнымҳәар ауеит, аамҭа цәгьа ҳҭагылуп, ԥшьҩык ахшара схала изласааӡои" ҳәа ахәыцрақәа шлымаз лацала Зинаида Анталааԥҳа лҿы илыргамоит лҭагылазаашьа. "Хҩык ахьаҳааӡо, аԥшьбатәигьы дҳааӡоит, ибҳәо закуи, уаҳа баламцәажәан" лҳәан даҿаԥылҽоит. Аибашьра ашьҭахь, аԥсыҵхрақәа анымҩаԥысуаз аамҭазы диит хабарда ибжьаӡыз Заур иԥа хәыҷы. Аҷкәын иаб игәалашәара аҳаҭыр азы Заур ҳәа ихьӡ ихьӡырҵеит.
Динарик Ӡаӡба иашьа иҷкәын- Заур Ӡаӡба.
Ӡаӡаа аишьцәа ран дызлаԥшыз арыцҳара ашьҭахь хара дзымнеикәа лыдунеи лыԥсахит, раб игәырҩа иахырҟьаны иблақәа ирыгхан акыр шықәса аиара даман.
Динарик Ӡаӡба иашьа иаамышьҭахь, ихшара ихатә хәыҷқәа реиԥш инапқәа рыкәыршаны иааӡеит.