Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Гагра араион ахақәиҭтәра ашьаҭа ахьакыз": аибашьраан Бзыԥҭатәи аштаб аус шауаз

© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭатәи аԥсуа школ арҵаҩцәа
Бзыԥҭатәи аԥсуа  школ арҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ ахыбраҿы аусура иалагеит арратә штаб. Уи еиҳабыс дахагылеит аинрал Сергеи Дбар. Аштаб амаҵ азуразы арахь иааԥхьан ари ашкол арҵаҩцәа. Дара уалԥшьас ирыдыз атәы анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш аҽны, нанҳәа 14 рзы Григори Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь макьаназы ажәабжь хлымӡаах агәра ззымгоз арҵаҩы Светлана Папԥҳа "ирлас аҵарашықәс ҿыц ааигәахоит, скабинет ԥшак ҩнасырсып, ашәҭқәагьы аӡы нрыҵасҭәап" ҳәа лҿаалхеит. Лҭыԥ дазааигәахоны еиԥш бзыԥаа ахацәа еилауаҭыруа ишгылаз лбеит. Даанҿасит.
"Закан Агрба ибжьы гон, "иаб ишԥаиаҳҳәари" ҳәа. Цқьа саныӡырҩ, еилыскааит аҷкәын хазына Наур Агрба аибашьра раԥхьатәи амш аҽны дышҭахаз. Сгәы иццакны еисуа иалагеит, ажәабжь хлымӡаах сахәаҽуан. Ус, Наур иаб Тониа "акы шыҟалаз здыруеит, шәалагазар, ишәҳәа" ҳәа ахацәа даарыдгылеит. "Уҽырӷәӷәа абааԥс, Тониа, ҳаҷкәын дҭахеит" ҳәа ииулак ибжьы иргеит Закан Агрба. "Убри ида Аԥсны цәыӡ дамаиуааит" иҳәеит зныҭрыс згәы ҭыблааз аб. Убри аҽны сара сзы иалагеит ишьаарҵәыраз аибашьра", - ҳәа лажәабжь дналагеит арҵаҩы.
© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Светлана_Папԥҳа
Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Светлана_Папԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Светлана_Папԥҳа
Нанҳәа 17 инаркны уаанӡатәи Бзыԥҭатәи аԥсуа школ адиректор Милор Ҭаркьыл иҟаиҵаз алаҳәара иахаҵгыланы араҟа еиҿкаахаз арратә штаб амаҵ азырурц хатәгәаԥхарала иааит, хыхь ишысҳәаз еиԥш, Светлана Папԥҳа, убас Валереи, Камеи, Ингеи, Сузари Хагәшьаа, Еммеи, Иннеи, Фатимеи Кәакәасқьырԥҳацәа, Маиа Чыкәбарԥҳа, Лиовеи, Виталии, Саидеи Гыцаа, Илиа Канџьариа. Еизаз ҩ-гәыԥкны рҽеихшаны аусура иалагеит.
"Раԥхьатәи амшқәа рзы афатә аганахьала даара ҳкәадан. Аҳабла иаланхоз ауаа ирымаз еиҩшаны иҳарҭон, убри ала ҳаибашьцәагьы рыфатә армазеира ҳалагеит. Зхәы ззымхоз иҵегь афатә ианаҳәоз ҳара ҳхәы раҳҭон. Уигьы анынҵәалак, мап зцәаҳкуазгьы ҟалон. Ианысгәалашәо сгәы сыхьуеит. Анаҩс аштаб аиҳабыра еиҳа рҽанеидыркыла, афатә аганахьала апроблема ҳмоуӡеит. Аҭыԥантәи аерман нхацәагьы егьараан ашьтәа шьны "аибашьцәа ирҿашәҵа" ҳәа иаҳзааргахьан", - лажәа иацылҵоит арҵаҩы.
Светлана Папԥҳа ачаҳаржә ԥшӡаны, ажәытәуаа "ипкны" ҳәа шазырҳәоз еиԥш ҳаибашьцәа ирзыҟалҵозаарын. "Закә напызеи абри ҟазҵаз" ҳәа алафгьы ахҳәаауа ргәы иаахәаны ирфалон дара.
Маиа Чыкәбарԥҳа лакәзар, аштаб ахь днеит лыԥшәма Фирон Ҳагба "баала, аибашьцәа фатәык ахьырзыҟарҵо брывагылап" ҳәа иҟаиҵаз абжьгарала.
© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Маиа_Чыкәбарԥҳа
Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Маиа_Чыкәбарԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Бзыԥҭатәи_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Маиа_Чыкәбарԥҳа
"Исылшоз аҿы мап мкыкәа сышкол арҵаҩцәа снарывагылеит. Усҟан сԥа Алмас хәышықәса ракәын ихыҵуаз, аҩны дызбоз дыҟамызт аҟнытә аштаб ахь дызгар акәхеит. Ашьыжь асааҭ быжьба рзы зус иадгылоз, уаха асааҭ ҩбанӡа убра ҳаҟан. Алмас ацәа данаклак, аишәа ар рымаҭәа ԥхақәа ықәҵаны дагәылаҳарион, "аполк рԥа" ҳәагьы ахьӡ ҷыда иман. Аибашьцәа абџьар кны ашкол ашҭа ианҭыҵуаз агәашә аҟынӡа дрыцнеиуан, нас дандыргьежьуаз, еимаҭәаны аҵәыуара далагон "саргьы сыжәга" ҳәа. Абас ҭаацәала Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа аштаб аҿы ҳаҟан", - ҳәа азгәалҭоит лара.
Емма Кәакәасқьырԥҳа илгәалашәоит 40 класс зымҽхакыз ашкол х-корпуск рҟны зырратә уалԥшьақәа нагӡаны иааиуаз Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәеи аԥсуа еибашьцәеи риарақәа мазеины ишыҟаз. Аштаб амаҵ азызуаз аҳәса еиҳараӡак аишәа архиара, ачанах аӡәӡәара, аиара аԥсахра, амаҭәа аӡәӡәара, ашкол аҩнуҵҟа асанитартә ҭагылазаашьа ахылаԥшра акәын рнапы ианыз.
"Раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа ҳаштаб ахь иааиуа ианалага, ҳаҟара ҳацлеит. Убас ҳгәырӷьон зегьы, ҳамҵәыжәҩақәа аауама уҳәаратәы. Ачеченцәа ргәыԥ аџьбарара шрылаз убон. Уамак ацәажәара бзиа ирбаӡомызт, аха акы ианазҵаауаз, патула иҳазныҟәон, "ҳаҳәшьа" ҳәа акәын ишҳазҿырҭуаз", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.
© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭа_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Емма_Кәакәасқьырԥҳа
Бзыԥҭа_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Емма_Кәакәасқьырԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Бзыԥҭа_аԥсуа_школ_арҵаҩы_Емма_Кәакәасқьырԥҳа
Аштаб иазааԥсоз иргәалашәоит иҭахаз аҷкәынцәагьы изныкымкәа аштаб ахь ишнаргахьаз. Аӡәы ешыратәиин, ихьӡ ргәалашәаӡом, егьи Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз атанкист Роберт Кәарҷиа иакәын. Емма Кәакәасқьырԥҳа лажәақәа рыла, иара убас длафҳәаҩын, дуаҩы ԥхан, данҭаха акраамҭа ргәы аҭыԥ аҟны иааиуамызт.
Даара аҳаблаҟны агәҭынчымра ҟалеит Мамзышьха аӷацәа равтобус анблы. Усҟан Бзыԥаа рыҷқәынцәа ҭахаз џьышьа, ауаа еибарҵәыуо адәы иқәлеит. Нас еилкаахеит Мамзышьхала Бзыԥҭа иақәларц згәы иҭаз ақырҭқәа шракәыз.
"Егьараан шьхала аҳабла артҟәацгақәа аларыжьхьан. Ҳаштаб иамариашангьы идәықәырҵахьан, аха, анцәа имчала, аранӡа иааигәахозгьы ԥымжәаӡакәа иаанхон", - лҳәоит Емма Кәакәасқьырԥҳа.
© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭатәи аԥсуа школ арҵаҩцәа
Бзыԥҭатәи аԥсуа  школ арҵаҩцәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ арҵаҩцәа
Арҵаҩцәа аштаб аусушьа ианалацәажәоз, иргәалашәоз рацәан. Убас рааԥсара азгәарҭеит Артур Канџьариа, уи иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Ҷыҭанааԥҳа, аштаб ахь изныкымкәа афатә аазышьҭхьаз Света Кчач, аибашьцәа рхәы ҟазҵоз Славик Ҷанба.
"Алексеи Қәҭарбеи сареи аҳабла ҳалагьежьны, усҟан афатә мыцхәы змадаз, аха досу илшоз дәылганы ианҳарҭалак, аштаб ахь иааҳгон. Бзыԥаа аибашьцәа рныҟәгараҿы аӡә иашьҭахь имгылеит", - инаҵылшьит Емма Кәакәасқьырԥҳа.
Емма иӡбахә лҳәеит Хасин захьӡыз абаза ҷкәын. Иара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡагьы арахь даахьан, Афганисҭан ицеибашьуаз аԥсуа ҷкәын Павел Кәакәасқьыр "сыԥсы шҭоу сҭаацәа иузраҳәозар" ҳәа ииҭаз анапынҵа нагӡауа. Зырратә уалԥшьақәа аԥхьа ихзыркәшаз Хасин Бзыԥҭаҟа иааигаз ажәабжь бзиа азы Кәакәасқьыраа рҭаацәа ҭынхак иеиԥш дныҟәыргеит. Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, абаза ҷкәын уажәшьҭа иҩызцәа иманы шьхала Аԥсны аиқәырхаразы дааит.

"Исгәалашәоит, зны аштаб аҟны аҳәса ҳаилагьежьуа акы ҳшаҿыз, "шәыгәнаҳа ҳақәшәааит, закәытә џьабааузеи ишәҳарбо" ҳәа аӡәы ашә дшаалагылаз. Уи Константин Озган иакәын. Аиашазы, ҳааԥсара даара пату ақәырҵон. Сергеи Дбар иакәзар, Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа знызаҵәык аиарҭаҿы диеит ҳәа сыҟам. Аҟәардәқәа еидыргыланы дынкыдиаланы илацәа неихьишьуан ауп", - ажәабжь иацылҵоит Емма Кәакәасқьырԥҳа.

Ишысҳәаз еиԥш, арратә штаб амаҵ азызуаз Бзыԥҭа аҳабла анхацәа маҷҩымызт. Урҭ дреиуан усҟан қәрала аҳәса иреиҳаз Ниусиа Инаԥҳа. Лара аҿаҭахьа лықәылҵазаап Гагра араион ахы ианақәиҭхалак лшьапы хтны Бзыԥҭантәи Ԥсоунӡа дышцо ҳәа. Арҵаҩцәгьы усҟан ишлыццо атәы рҳәеит.
"Гагра аӷа даналцаха мышқәак рышьҭахь аштаб аусура аанкылан. Исгәалашәоит, усҟан иҳамаз ала аныҳәатә аишәа рхианы ҳаибашьцәа Мрагыларатәи афрон ахь ишаҳшьҭыз. Ауха Сергеи Дбар ҳхы дагәӡны, "абзиараз" ҳәа ҳаҳәо аҩныҟа ҳишьҭит. Уи ахаан исхашҭӡом. Аҿаҭахьа иҳақәыз иаразнак иҳазҳақәымхӡеит. Гагра араион ахақәиҭтәра 15 шықәса анахыҵуаз ауп ҳажәа анынаҳагӡа. Ишеибаҳҳәахьаз еиԥш, Ниусиа Инаԥҳа дҳаԥхьагыланы аштаб амаҵ азызуаз Ԥсоунӡа шьапыла ҳцеит. Иҳаццеит ҳҭаацәагьы. Аҳәаа иахашәыршәыруа ҳбираҟ аҵаҟа ачеиџьыка еиҿкааны ҳаиҳабы Ниусиа дҳарныҳәеит", - аҿаҭахьа шрықәырхыз лгәалашәоит Маиа Чыкәбарԥҳа.
© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭатәи аԥсуа школ
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ
Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, Маиа Чыкәбарԥҳа дыруаӡәкын амандаринаҭрақәа рҟны ашәыр ҭааны, Ԥсоу аҳәааҟны иҭиины аибашьцәа абџьар рзаахәаразы аџьабаа збоз.
Бзыԥҭа аԥсуа школ аҟны еиҿкааз арратә штаб амаҵ азызуаз арҵаҩцәа ахӡыргара иацәыԥхашьоит, аха ҳаиҿцәажәара иалагӡаны ргәазыҳәарак еилыскааит. Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә аоперациа ашьаҭа ахьакыз аҳабла арратә хьӡык ахызарц рҭахуп. Саргьы иаԥсоуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0