Аԥсны

Амаининг-ферма рбеит Тҟәарчал абнараҿы

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳареи амаининг азы амаругақәа атәылахь ралагалареи ҟалом ҳәа аԥҟара аҿҳәара иацырҵеит лаҽа шықәсык ҳәа - ԥхынҷкәын 31 2023 шықәсанӡы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аус зуаз амаининг--ферма рбеит Тҟәарчал абнараҿы ҳәа аарыцҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзураҿы.
Афермаҿы зынӡа 148 аппарат ыҟан. Урҭ изакәанымкәа инырхуаз афымцамч амчхара 100.3 кВт иҟан.
Аобиект гәарҭон Аԥсны АҩАР иатәу аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭеи иҷыдоу аҟәшеи русзуҩцәа, иара убас Аҳәынҭстандарт аҟазауааи.
Аферма зтәу Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭа анхаҩы Еснаҭ Агрба иганахьала административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп.
Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа имхны аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инагоуп.