Аԥсны

Аԥсны акардиохирургиатә ҟәша аартра ргәы иҭоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Хырԥашьа змам аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара ахьрырҭаша акардиохирургиатә ҟәша аартра ргәы иҭоуп Аԥсны. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

"Зыӡбахә сымоу акардиохирургиатә ҟәшаҟны ацхыраара рыҭахоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан, аинфаркт ма егьыс адатә патологиа змоу ауаа. Адатә патологиа змоу ианаамҭоу аинвазиамаҷтә цхыраара рыҭазар, рыԥсҭазаара еиқәнархоит. Уи азы ари ахырхарҭала аус ҳуеит"- иҳәеит Быҭәба.

Аԥсны акардиохирургиатә ҟәша аартра хыԥадатәиуп ҳәа раԥхьаӡакәны ирҳәеит 2019 шықәсазы, аха апроект нагӡамкәан ус иаанхеит.