Аԥсны

Зқьи хәышәҩык рҟынӡа алахәхоит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы апарад

Цәыббра 30 2023 шықәсазы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны ақалақьқәа зегь рҟны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Зқьи хәышәҩык рҟынӡа алахәхоит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы апарад, абри атәы ТАСС иазеиҭеиҳәеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба иажәақәа рыла, апарад иалахәхоит атәылахьчара иатәу архәҭақәа зегьы, амчратә усбарҭақәа рҟынтәи аколоннақәа - АШәМ, амиграциатә маҵзура, аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура.

"Аԥсны АҩАР раԥхьаӡакәны иқәнаргылоит ҩ-колоннак - амаҵзура ҷыда аибашьцәеи амилициа ҵараиурҭа акурсантцәеи. Иара убас апарад иалахәхоит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа, аказакцәа", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Апарад аҽазыҟаҵара хада мҩаԥгахоит цәыббра 28 рзы.
1993 шықәса цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.