Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аимадаҩцәа ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Ауснагӡатәқәа мҩаԥысуан ашьхараҿтәи ахысырҭа адәы Ҵабал аҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аимадаҩцәа ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа реимадара аиҿкааразы ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аԥсны, ашьхара иҟоу ахысарҭатә дәы Ҵабал аҿы аимадаҩцәа анапхгараҭаратә ҭыԥқәеи аидҵара аҟәшақәа рабонентцәеи рыбжьара еиҿыркааит иаартуи иаркуи аканалқәа рхархәарала ихьчоу аимадара.
Аусурақәа мҩаԥыргон иҷыдоу ҳаамҭазтәи аппаратурала, еиуеиԥшым адиапазон ҭбаа змоу аимадаратә каналқәа рҿы.
Уи адагьы аррамаҵзурауаа инарыгӡеит анормативқәеи аҵаратә усдҵақәеи "аӷа" иабашьраан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа рыбжьара аимадара аиҿкааразы.