Аԥсны

Шамба дазааҭгылеит, амчра ахаҭарнакцәа иарбан формату аоппозициаа рацәажәараз изызхиоу

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аполитикатә партиақәа, акультуреи аҭҵаарадырреи русзуҩцәа адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи иаарту аицәажәарахь иаарԥхьеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ахҳәаа ҟаиҵеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи иаарту аицәажәарахь рнаԥхьара инамаданы, абри акьыԥхьит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Шамба иазгәеиҭеит, аоппозициаа аҳәынҭқарратә телехәаԥшрала амчра ахаҭарнакцәеи дареи аиҿцәажәара амҩаԥгара шаԥшьаргахьоу. Аха аефирахь Шамбеи Арӡынбеи рыда аиҿцәажәара аԥшьгаҩцәа аӡәгьы дшымнеиз.
"Сгәы иаанагоит, ас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа узқәшаҳаҭу формоуп ҳәа. Иуӡбартә иҟоуп аиҿцәажәара шымҩаԥгатәу, иалахәу зегьы ԥҟарак иқәныҟәартә еиԥш. Уи аформат ала сгәы иаанагоит аминистр мап икрым ҳәа, егьырҭ амчра ахаҭарнакцәагьы аиҿцәажәара алахәхара иазхиахап ҳәа", - иҳәеит Шамба.
Цәыббра 16 рзы ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аполитикатә партиақәа ФНЕА, "Аԥсны" иара убас "Аруаа", "Ҳара ҳаҳҭнықалақь" АНД, "Ахьаца", "Аамҭа", акультуреи аҭҵаарадырреи русзуҩцәа гәыԥҩык адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи цәыббра 19 асааҭ 12:00 аусутә центр "Гәдоу-плаза" ашҟа иаарту аицәажәарахь инарԥхьеит.