Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сынтәа иаднакылеит 630-ҩык астудентцәа. Еиҳарак иалырхуа азанааҭқәа иреиуоуп акурорти атуризми, аекономика, аҭоурых, азиндырра.
Чхамалиа иҳәеит, сынтәа аҟазара афакультет аҟны ҿыц ишаарту академиатә хор адирижиор изанааҭ. Иара убас зынӡа издымҵаалаз азанааҭқәа иреиуоуп ахимиа, адаптивтә бҩарҵәыра, актиортә ҟазара.
"Адаптивтә бҩарҵәыра ахырхарҭахь инеит 10-ҩык рҟынӡа, аха аԥышәарақәа иахьырхысуаз, рылшарақәеи рдыррақәеи даара иахьылаҟәыз иахҟьаны уи (акурс аартра-азгәаҭа) залыршамхеит", - иҳәеит Чхамалиа.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.