АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова илҳәеит Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах "атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа" шхацнаркыз азы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа адырра шрыҭаз аоперациа алагара минуҭқәак шагыз.
"АИХқәа рҿы ирыладырҵәеит Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара хықәкыс измоу "атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа" шхацнаркыз азы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа адырра заанаҵы ирыҭан ҳәа. Уи аиаша иақәшәаӡом. "Атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа" шхацнаркыз азы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа адырра рыҭан аоперациа алагара минуҭқәак шагыз", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Абрифинг аҟны Захарова илҳәеит, аимак арцыхцыхраз Москва агәҭынчымра шанаҭо.
"Урыстәыла ааԥхьара ҟанаҵоит, аимак змоу аганқәа шьакаҭәарада аибашьра аанкыланы, иаарласны аполитика-адипломатиатә ҭышәнартәалара амҩа иазыхынҳәырц", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Захарова лажәақәа рыла, Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах аҭынчра аҭагылазаашьа иалацәажәахьан, адокумент рнапы аҵарыҩхьан 2022-2023 шықәсқәа рзы.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа рылшарақәа рыла аимак аҭыԥ ақәҵара амҩа ианын, агуманитартә цхыраара мҩаԥыргон ҳәа лҳәеит аминистрра ахаҭарнак.
Лара иазгәалҭеит иуадаҩу аҭагылазаашьаан урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапы иану аус шынарыгӡо.
Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ихацнаркит аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара хықәкыс измоу "атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа" цәыббра 19 рзы. Азербаиџьан атәылахьчара аминистрра адыррала рҭыԥ иахыгахоит Ермантәыла арбџьар мчқәа рпозициақәа, урҭ акраамҭатәи рхысырҭа ҭыԥқәа, арратә ҟазшьа змоу аргыларақәа, аҭынч уааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рыҭахом ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭа.