Урыстәыла

Азербаиџьан "аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылараз" аоперациа иалагеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийский миротворец в Абхазии. Архивное фото
Российский миротворец в Абхазии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах аҭынчраз аҭагылазаашьа иалацәажәахьан. Адокумент анапы аҵаҩын 2022 шықәса абҵара 10 рзы.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ихацнаркит аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара хықәкыс измоу "атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
" Х-ганктәи аиқәшаҳаҭра (Москва-Бақәа-Ереван) аԥҟарақәа реиқәыршәара, ҟарабахтәи аекономикатә раион аҿы мҽхакыҭбаала апровокациақәа рымҩаԥгара аԥырҟәҟәаара, Ермантәыла арбџьармчқәа, урҭ рырратә инфраструктура арҭ аҵакырақәа ралгара, зых иақәиҭтәу аҵакырақәа рахь игьыжьыз аҭынч уааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара, Азербаиџьан "аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара" хықәыс иҟаҵаны арегион аҿы иалагоуп иҳәаарку атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит ермантәылатәи аган иааиԥмырҟьаӡакәа азербаиџьантәи апозициақәа ишрылахысуаз, азербаиџьантәи аҵакырақәа рҿы аминақәа шышьҭарҵоз, аҭабиақәеи аблиндажқәеи шыржуаз. Арҭ зегьы аибарххара дырҵаруан. Рҭыԥ иахыгахоит Ермантәыла арбџьармчқәа рпозициақәа, урҭ акраамҭатәи рхысырҭа ҭыԥқәа, арратә ҟазшьа змоу аргыларақәа ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭа.
Аҭынч уааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рыҭахом. Иазгәаҭаз ауснагӡатәқәа рзы адырра рыҭан урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапхгара, ҭырқәтәыла-урыстәылатә хылаԥшратә Центр анапхгара.
Хышықәса раԥхьа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан рнапы еицаҵарҩит аҳәамҭа – Ҟарабах аҭынчреиҿкаараз. Аҳәамҭа инақәыршәаны аруаа аиҿагылара иаҟәыҵны инкылоу рпозициақәа рҿы иаанхеит, атҟәацәа еимырдеит. Москва Ҟарабахҟа инанашьҭит абжьаҟазаҩцәа, Ереван хыдҵаны иагеит Кельбаџьартәии, Лачатәии, Агдамтәии араионқәа Бақәа иазнаргьежьырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0