Аԥсны

Аибашьра иалиааз абзиабара: Ҭенгьиз Ҵулукьиа еиҭеиҳәеит аибашьраан инасыԥ шиԥшааз

Sputnik
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭенгьиз Ҵулукьиа 24 шықәса ихыҵуан. Аибашьра аветеран иажәақәа рыла, Аԥсуа гвардиа аиҿкаара ианалага инаркны иашьеиҵбы Беслани иареи уи иалахәыланы рыԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчон.
Ҭенгьиз Ҵулукьиа деибашьуан Мушьни Хәарцкьиа напхгара зиҭоз абаталион аҟны, хатәгәаԥхарала Мраҭашәаратәи афронт аҟынтәи Мрагыларатәи афронт ахь диасуеит, араҟа агәыԥ "Шьараҭын" даланы аӷа диҿагылан.
Ҭенгьиз Ҵулукьиа аибашьраан иаԥхьаҟа инасыԥхараны иҟаз Шьазина Агәмааԥҳаи иареи еибадырит.
Ҭенгьизи Шьазинеи рҭаацәарақәа аибашьра ахәра ӷәӷәа шырнаҭазгьы, рынасыԥ еиларҵеит, 29 шықәса рҳәоу еиқәшәаны инхоит, ирааӡоит хҩык аԥҳацәа - Ирина, Гәыранда, Алиса.
Шәахәаԥш аветеран иҿцәажәара.