Аԥсны

"Хәажәкыратәи ажәылара сгәы иҭыҵуам": аибашьра аветеран Роланд Агрба игәалашәарақәа

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы, иҟан аԥсуа ҿар еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны Урыстәыла амҩақәа ззаатуаз, аха аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, аԥсҭазаара лашахь алшарақәа рызҭоз аҭагылазаашьа мап ацәкны, рыжәлар ринтересқәа рыхьчара иазгылеит. Убарҭ дреиуан Москва анаплакра ныҟәызгоз Мгәыӡырхәатәи арԥыс Роланд Рожден-иԥа Агрба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа, Роланд Агрба Белоруссиа, анаҩс Германиа арратә маҵура ихганы Москваҟа дцоит, анаплакра аныҟәгара далагоит. 1992 шықәсазы, аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы Мгәыӡырхәа иааны иҟаз арԥыс шьҭахьҟа дызлацоз абилеҭ аахәаны ишимазгьы, иԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, иашьцәеи иҩызцәеи дрывагыланы аибашьра далагылоит.
"1992 шықәса, нанҳәа 14 аҽны, Мгәыӡырхәа, "Золотой берег" ҳәа иахьашьҭоу аԥсшьарҭа ҭыԥ амшын аҟәараҿы аҷкәынцәа ҳшеидтәалаз, гәыԥҩык ҳқыҭауаа еибарыҩуа иааин, "аибашьра иалагеит" ҳәа ажәабжь ҳаларҳәеит. Иаразнак ҳааигәныҩын, Мгәыӡырхәа ақыҭсовет ахь ҳцеит. Уаҟа уажәшьҭа инҭкааны иҟалаз шыҟалаз ҳарҳәеит. Вадик Заде асиа шьақәиргыло далагеит. Агәыԥқәа аԥҵаны џьоукы ашьхахь иршьҭуан, егьырҭ Гагра ахырхарҭахь, убас Гәымсҭа ахықә ахь", - аибашьра раԥхьатәи амш игәалашәоит Роланд Агрба.
Роланд Агрба
Аграа рҭаацәараҟнытә хҩык аишьцәа гәакьацәа аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Аиҳабы Даур Афгантәи аибашьра даветеранын, аԥышәа иман аҟнытә аҩны даанхозма, иара далалоит амилициа аусзуҩцәа ргәыԥ. Џьума аԥхьанатә Фата Дбар напхгара зиҭоз Мгәыӡырхәаа ргәыԥ дахәҭакны аибашьра дцоит, анаҩс диасуеит иашьа Роланд дазлаз, Мгәыӡырхәатәи аибашьҩы Гена Маан командаҟаҵаҩс дызмаз ихазу аԥшыхәратә гәыԥ, 2-тәи арота.
"Гена Маан иҟны иҟаз Мгәыӡырхәаа ҳреиуан сара, сашьа Џьума, Беслани Игори Аграа, Анзори Гарики Шәлынаа, Виталик Папба, Беслан Еныкь. Егьырҭ аҷкәынцәа Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ирхаҭарнакцәан. Иҳацын Лхаа, Дәрыԥшьаа, Абӷархықәаа, Аҷандараа уҳәа. Хыԥхьаӡарала иугозар шәҩык рҿынӡа ҳаҟан", - иҳәоит аибашьра аветеран.
Роланд Агрба игәалашәараҟны зегь раасҭа ихьанҭоу аибашьратә хҭысны инхаз Марттәи ажәылара ауп. Усҟан Гена Маан командаҟаҵаҩс дызмаз ихазу аԥшыхәратә гәыԥ, 2-тәи арота "Беркути", Руслан Ладариа командаҟаҵаҩс дызмаз 1-тәи арота "Гради" еилахәны аоперациа иалахәын.
Аԥсны
"Ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳажәлеит": аибашьра аветеран Роман Хынҭәба игәалашәарақәа
"Аԥхьанатә ажәылара арыцхә 14 рзы иазԥхьагәаҭан, анаҩс акомандаҟаҵара арыцхә 15 ахь ииаргеит. Гәымсҭа ҳарны "Зеленый дом" ҳәа иахьашьҭоу аҟынӡа ҳнаӡан, убра аӷацәа ҳакәшеит. Хымш ишҳалахысуаз иаҳхаагеит. Аҩны аҵаҟа ишьҭаҵаны иҳаман иҳацәҭахаз. Ахәрақәа зауз излаҳалшоз ала раԥхьатәи ацхыраара раҳҭон, рхьаақәа зыртәоз агәырқәа рылаҳҵон, аха ишьабаны иҳацәԥсуаз рацәаҩхеит. Иԥсызи ихәызи ҳгәырҩару, арахь абџьар ахьаҳзымхо, уаала ҳахьмаҷу ҳхьаару ҳзымдыруа ҳхы еилагьежьуа ҳаанхеит", - еиҭеиҳәоит Роланд Агрба.
Марттәи ажәылараан Роланд дызлаз агәыԥи Авто Гарцкьиа игәыԥи еигәныҩит. Иара икомандаҟаҵарала еибашьуаз ҩыџьа аҷкәынцәа Роланд ишибоз иҭахеит. Урҭ иреиуан Арзик Ҭарбеи Зиуба Агрбеи. Марттәи ажәылараан хабарда ибжьаӡуеит Роланд ицеибашьуаҩ иҩызцәа Валери Оҭырбеи Витали Папбеи. Роланд ихаҭа аконтузиа иоуит.
"Шәхьаҵ анырҳәа, хымш ааҵуаны шьҭахьҟа Гәымсҭа ҳарит. Гена Маан ҳара ҳаамышьҭахь даҽа мышқәак уи "Зеленый дом" нимыжьӡеит, ахәцәа дрыдтәалан, иԥсқәоз еиқәикуан", - иҳәоит аибашьҩы.
Ииультәи ажәылараан Роланд Агрба, Гена Маан игәыԥ дацны дхалоит Шрома, Ахалшени, Гәыма, устәи илбаауеит Аҟәаҟа. Аҳҭнықалақь аҭарцәраан "Турбаза" еиԥылоит егьырҭ аԥсуа еибашьцәеи дареи. Анаҩс Галынӡа ицоит, убраауп Аиааирагьы иахьаԥыло.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахьгьы, Роланд Агрба далахәын атәыла аҳәаақәа рыхьчара. "Сахарная голова", Кәыдрытәи аиҩхаа рҭарцәраан ҩаԥхьа ирратә уалԥшьақәа наигӡеит. Аишьцәа Роланди Џьумеи Аграа реибашьратә лшамҭақәа рзы иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Аԥсны
"Гагра изалымҵӡеит": аибашьра аветеран Амза Саманџьиа игәалашәарақәа