Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳажәлеит": аибашьра аветеран Роман Хынҭәба игәалашәарақәа

© Foto / предоставила Саида ЖибаРоман Хынҭәба
Роман Хынҭәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан инхоз аԥсуа ҭаацәарақәа зынӡа имаҷӡан. Убри аҟнытә дара зегьы еибадыруан, пату еиқәырҵон, еиҭанаиааиуан. Абыргцәа ҳаҭыр змаз уаан, иҟан Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеранцәа, аџьа аветеранцәа. Абжьаратә қәра иҭагылаз ԥсыцқьарыла аусқәа руан, рҭаацәа ныҟәыргон, аҿар аҵараиурҭақәа ирҭан, активла аҳабла аԥсҭазаара иалахәын. Ахәыҷқәа ракәзар аиҳабацәа иддырбоз аҿырԥшы иацныҟәон, гәацԥыҳәарала ашколқәа рҿы адыррақәа дырҳауан. Иахьатәи санҵамҭаҿы ишәзеиҭасҳәоит Цандырԥшь аҳаблан инхо, Хынҭәаа рҭаацәа гәҽанҵарада Аԥсны аӷа хәымга данақәла изыниаз ахҭысқәа ртәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Цандырԥшь аҳаблан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа инхоз аԥсуаа иреиуан Родион Хынҭәба иҭаацәа. Иареи иԥшәмаԥҳәыс Ефросиниа Барцыԥҳаи ҩыџьа ахшара рааӡеит, аԥа Романи аԥҳа Альбинеи. Аибашьра аԥхьа, Альбина Москватәи анџьныр-ргыларатә институт дҭалеит, Роман Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә-азиндырратә факультет. Хаҵеи ԥҳәыси адәқьанқәа рҟны аус руан, Родион афатә аалыҵқәа ахьырҭиуаз, Ефросиниа – аспорттә маҭәарқәа. Ажәакала, аҭаацәа аҭынч ԥсҭазаара ирнаҭоз аҭагылазаашьа иацныҟәо иаауан.
Амза Саманджиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
"Гагра изалымҵӡеит": аибашьра аветеран Амза Саманџьиа игәалашәарақәа
21 шықәса зхыҵуз Роман Хынҭәба, аԥхынра ихы иархәаны иҩызцәеи иареи анаплакра ныҟәыргон. Цандрыԥшь агәаны акаҳуажәырҭа змаз Роман Габлиа имадан.
"Нанҳәа 13 аҽны, сареи, Роман Габлиеи, Асҭамыр Аџьбеи Москваҟа ҳусқәа рҵыхәала ҳԥырраны ҳаҟан. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟны аус зуаз сгәыла абырзен ҷкәын, ҳахҩык билеҭла ҳаширманшәало иҳәахьан. Амҩа ҳақәлара анааигәаха, Рома Габлиа иӡбатәыз зҵаарақәак изцәырҵын, ҳаццара мап ацәикит. Аха уи аамҭазы, машәыршәа иаҳбаз Гагратәи ҳҩыза Руслан Мамед-оглы ахԥатәи уакәха ҳәа анидаҳгала, дақәшаҳаҭхеит. Аҽны ицәырҵыз мзызқәак ирхырҟьаны Шәача ҳаанхеит, аха арыцхә 14 рзы, ашарԥазы амҩа ҳақәлеит. Нанҳәа 14, ашьыжь асааҭ жәба рзы Москва, асасааирҭа "Измаилово" ҳаннеи, Русик идырцәақәак аҭел дырзасит, уа дшыҟоу раиҳәарц. Аԥсшәақәа анеибырҳәа ашьҭахь, Русик иазҵааит иахьатәила ателевизор аҿашәкьхьоу ҳәа. Иаразнак ихьанҭоу цәалашәарак ҳааимнадан, ажәабжьқәа ианраамҭаха ателевизор ҳнадтәалеит. Уи акәхеит, Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа шақәлаз ҳаҳаит", - аибашьра шалагаз игәалашәоит Роман Хынҭәба.
Динарик Ӡаӡба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
"Ирхыргаз рацәоуп": Бзыԥҭа инхо Ӡаӡаа рҭаацәа аибашьраан изыниаз атәы
Гагра араион аӷацәа рнапахьы ианаарга, Цандырԥшь иалахеит Рома иҭаацәа. Аамҭак ашьҭахь, Ефросиниа аус ахьылуаз адәқьан аиҳабы Гобечиа зыжәлаз ақырҭуа ицхырарала, лыԥҳа Ԥсоу аҳәаа дахысуеит. Даҽа мышқәак ааҵуаны, ҳажәлар зҭагылаз ахҭыс хьанҭа шгәнигоз Родион аинфаркт исуеит. Еиҭах адырцәеи агәылацәеи рымчала, иццаку ацхыраарала Хәасҭаҟа дганы ахәшәтәырҭа дышьҭарҵоит, устәи ихәыҷқәа Москваҟа дыргоит. Аҩны иаанхаз ан Ефросиниа ҳаҭырла илзыҟаз ақырҭуеи аерман гәылацәеи лхылаԥшуан, афатә ажәтә лыгрыжьуамызт. Ус ишыҟаз, Гагра араион аҭарцәразы аԥсуа еибашьцәа ажәылара иалагеит. Гагра ақалақь рнапахьы ианаарга, Урыстәылаҟа ибналоз ақырҭцәа, Цандрыԥшь аԥсуаа ахьынхоз еилкааны, аӡәыр аҩны дыҟазар ишьны, рыҩнқәа былны ицон.
"Аӷацәа аӡәгьы дыршаҭомызт, дбыргума, дхәыҷума. Цандрыԥшь иалҵны ианцоз иргәаҟны иршьит Жора Амҷбеи, Ажьиаа хаҵеи ԥҳәыси", - иҳәоит Роман.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Родион Хынҭәбеи иԥҳа хәыҷы Альбинеи

Родион Хынҭәбеи иԥҳа хәыҷы Альбинеи - Sputnik Аҧсны
1/3

Родион Хынҭәбеи иԥҳа хәыҷы Альбинеи

© Foto / предоставила Саида Жиба

Ефросиниа Барцыцԥҳа

Ефросиниа Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/3

Ефросиниа Барцыцԥҳа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Арут Калаиџьиан - Ефросиниа деиқәзырхаз

Арут Калаиџьиан - Ефросиниа деиқәзырхаз - Sputnik Аҧсны
3/3

Арут Калаиџьиан - Ефросиниа деиқәзырхаз

1/3

Родион Хынҭәбеи иԥҳа хәыҷы Альбинеи

2/3

Ефросиниа Барцыцԥҳа

3/3

Арут Калаиџьиан - Ефросиниа деиқәзырхаз

Ефросиниа лыԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагыла, Цандрыԥшь амцарцәаратә ҟәшаҿы аус зуаз лгәыла аерман хаҵа Арут Калаиџьиан, амцарцәаратә машьына дақәыртәаны, иҭынхацәа ахьынхоз Маҳадыр ақыҭахь дганы диҵәахуеит.
"Арут ихатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы ҳан деиқәирхеит. Иара иахьагьы иԥсы ҭоуп. Усҟан иааирԥшыз ауаҩра ҳаҭыр ҳзақәуп", - инаҵишьит сажәабжьҳәаҩ.
Нанҳәа 14 аҽны Москва инеиз аиҩызцәа ргәы кылнаҵәеит Цандырԥшьынтәи ираҳаз ажәабжьқәа. Аибашьра раԥхьатәи амш аҽны дҭахеит рҩыза, аԥсуа гвардиа иалаз, анаҩс Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз Нури Багаҭелиа. Адырҩаҽны аӷацәа снаиперла дҭадырхеит 27 шықәса зхыҵуаз Москваҟа ирыццараны иҟаз рҩыза еиҳабы Роман Габлиа.
"Убасҟан Рома дҳаццазтгьы, иахьагьы иԥсы ҭазар ауан", - иҳәоит ихьааганы аҩыза.
Аԥсуа еибашьцәа Гагра араион ахы ианақәиҭыртәа, Рома Хынҭәбеи, Астик Аџьбеи, Русик Мамед-оглыи Аԥсныҟа иаауеит. Аԥсуа гвардиа иалаз Руслан иҩызцәа дрыцны еибашьра дцоит. Ромеи Асҭамыри Џьумка Чрыгба командаҟаҵаҩс дызмаз Цандрыԥшьтәи 1-тәи ашьха-хысратә баталион иалалоит.
Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2023
Аԥсны
"Агәаӷ рхыргеит": ақырҭцәа ишьны ирблыз хаҵеи ԥҳәыси Ажьиаа рҭоурых
"Аибашьра цонаҵы зегь раасҭа ихьанҭаны сгәалашаәраҿы инхаз ԥхынгәытәи ажәылара ауп. Убасҟан еилыскааит шаҟа абџьар аҿаԥхьа ауаҩы дымчыдоу. Ахы иацәцоз амина дахаԥжәон, амина иацәцоз ахы иқәшәон", - иҳәоит аибашьҩы.
Аҟәа агараан, Рома дызлаз авзвод шьхала илбаауан, убасҟан дҭахоит Рома иҩыза бзиа, Цандрыԥшьтәи арԥыс Стиопа Мелкониан. Цәыббра 30 аҽны, еицқәаз Галынӡа инаӡеит, убраауп Аиааирагьы иахьаԥылаз. Роман Хынҭәба аибашьраҿы иааирԥшыз агәаӷьразы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0