Аԥсны

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку афильмқәа раԥхьарбара арыцхәқәа еилкаахеит

Зметраж кьаҿу асахьаркыратәии адокументалтәии фильмқәа рҭыхраз ахарџь рхыршәааит Акультура аминистрреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонди.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз акультура аминистрра идокументалтәуи зметраж кьаҿуи афильмқәа рзы ирыланаҳәаз аицлабраҟны аиааира згаз афильмқәа ддырбараны иҟоуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, цәыббра 25 - 26 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит акино азы аҟазауаҩ Дауҭ Логәуа.
Логәуа иажәақәа рыла, аицлабрахь инашьҭын 19 усумҭа, урҭ рҟынтәи 6 усумҭак алкаан. Цәыббра 25 - 26 рзы идырбахоит Манана Кокосқьырԥҳа, Фатима Қәҭелиаԥҳа, Елеонора Гилоиан рдокументалтә фильмқәа, иара убас Ҭенгиз Џьопуеи, Даур Ладариеи, Сабины Харџьелиаԥҳаи рсахьаркыратә фильмқәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30-шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара 15-шықәса ахыҵра рымшқәа рыламҭалаз акультура аминистрра идокументалтәуи зметраж кьаҿуи афильмқәа рзы аицлабра рыланаҳәеит ажьырныҳәамзазы. Акомиссиа алахәылацәа азыҳәақәа гәаҭаны, иреиӷьқәаз асценариақәа авторцәа алыркааит, уи ашьҭахь аҭыхрақәа ирылагеит.
Адокументалтә фильмқәа рҭыхразы 400-400 нызқь мааҭ рзоужьын, асахьаркыратә фильмқәа 300 нызқь мааҭ.