АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥснытәи акурорт Гагра ҭагалан амши-аҵхи реиҟарара аамҭаз иалыркаауа ахырхарҭақәа ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура ТВИЛ.РУ.
Амаҵзура иалнакааит 2023 шықәса цәыббра 21-24 рзы аныҟәараз еиҳа агәаԥхара зцу ахырхарҭақәа.
Актәи аҭыԥ ннакылеит Шәача -28%, аҩбатәи - Санкт-Петербург - 8%, ахԥатәи - Анапа- 7%.
Ҭагалан амши-аҵхи реиҟарара аамҭаз иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба
Ақалақь | Абжьаратә хәыԥса | Абжьаратә ныҟәараамҭа |
Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә | 3294 | 8 у/ҽ |
Санкт-Петербург, Ленинградтәи аобласт | 3517 | 4 у/ҽ |
Анапа, Краснодартәи атәылаҿацә | 2768 | 8 у/ҽ |
Геленџьик, Краснодартәи атәылаҿацә | 3421 | 8 у/ҽ |
Москва, Москватәи аобласт | 3670 | 5 у/ҽ |
Гагра, Аԥсны | 3780 | 8 у/ҽ |
Кисловодск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 3264 | 7 у/ҽ |
Казань, Таҭарсҭан | 3107 | 4 у/ҽ |
Иалта, Ҟрым | 3315 | 7 у/ҽ |
Калининград, Калининградтәи аобласт | 2599 | 5 у/ҽ |