Аԥсны

Аԥснытәи акурортқәа ҭагалантәи аԥсшьараз иалкаау ахырхарҭақәа 10 иаҵанакуеит

Аԥсны акадифаамҭа аҭааит, амра цеиуам, аха убри аан амшын акыр иҟәандоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥснытәи акурортқәа хԥаҭагалантәи аԥсшьараз иалкаау ахырхарҭақәа 10 иаҵанакуеит ҳәа аанацҳауеит заанаҵтәи аҿаҵаратә маҵзура Tvil.ru.
Аԥхьатәи ахԥа рахь иаҵанакит ҟрымтәи ақыҭақәа: Изобильное, Танковое, аиланхарҭа Курортное.
Аԥснытәи акурортқәа Кындыӷ, Амзара, Гәылрыԥшь аԥшьбатәи, абыжьбатәи, ажәбатәи аҭыԥқәа ныркылеит.
Убри аан Кындыӷ ибиуџьету ахырхарҭақәа ирыҵанакуеит. Уахыки-ҽнаки уа аԥсшьара иақәхарџьтәхоит 1200 мааҭ.
Атуристцәа зегь раасҭа ирҭахны рыԥсы ршьоит Изобильное аҿы. Бжьаратәла уа 21 уахи-ҽни рыԥсы ршьарц иаангылоит.
Аԥсны
Аныҟәаҩцәа иалырхуа ахырхарҭақәа рсиаҟны Гагра ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит