Аԥсны

Пицунда инхо ахаҵа абџьар закәаншьаҭада иҵәахны иман ҳәа даанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Пицунда инхо ахаҵа Сергеи Потапенко Гәдоуҭатәи АҩАР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Мысра" дааныркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Иара абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада иҵәахны иман, иныҟәигон ҳәа хараны идырҵоит.
Потапенко амилициа аусзуҩцәа иаанкылара даҿагылеит.
Пицунда инхо ахаҵа абџьар закәаншьаҭада иҵәахны иман ҳәа даанкылоуп
Потапенко идбалан 9 миллиметр згәыцә ыҟоу атапанча "Макаров", ахеиқәыршәаҭреи.
Ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭатәи АҩАР аҟәша, уи аамҭазы ахара здырҵо атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы аҵаҩуп.