АҞӘА, цәыббра 22 - Spputnik. Аслан Бжьаниа Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа ари аҳамҭа ианашьоуп "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абиблиотекатә ус ашьақәыргылареи арҿиареи рзы".
Борис Ҷолариа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт агеографиатә факультет, анаҩс Одессатәи аполиграфиатә техникум.
1989 шықәсазы Ҷолариа Аԥсны аалыҵ-полиграфиатә еидгыла агазеҭтә типографиа напхгаҩыс дарҭеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Борис Ҷолариа аамҭа кьаҿк иалагӡаны илшеит аалыҵ аҟаҵаразы аусура аиҭашьақәыргылара, Аԥсны амаҵуратә документқәеи АИХқәа рзы аматериалқәеи ахьҭрыжьуаз Гагратәи араионтә типографиа аусура аиҭашьақәыргылара.
1995 шықәса рзы Борис Ҷолариа И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабыс дарҭеит. Иара ихҵоуп Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Ҳаҭыр зқәу аполиграфист ҳәа ахьӡ ҳаракқәа.