https://sputnik-abkhazia.info/20230922/boris-olaria-akh-asha-aorden-iii-aaara-ianashoup-1048152657.html
Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп
Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп
Sputnik Аҧсны
Борис Ҷолариа Аԥсны Амилаҭтә библиотека дахагылоуп 1995 шықәса раахыс. 22.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-22T19:50+0300
2023-09-22T19:50+0300
2023-09-22T19:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102506/80/1025068032_0:12:1280:732_1920x0_80_0_0_622eaf5b13ce1f9cf2b918e8828b26a4.jpg
АҞӘА, цәыббра 22 - Spputnik. Аслан Бжьаниа Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.Борис Ҷолариа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт агеографиатә факультет, анаҩс Одессатәи аполиграфиатә техникум.1989 шықәсазы Ҷолариа Аԥсны аалыҵ-полиграфиатә еидгыла агазеҭтә типографиа напхгаҩыс дарҭеит.Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Борис Ҷолариа аамҭа кьаҿк иалагӡаны илшеит аалыҵ аҟаҵаразы аусура аиҭашьақәыргылара, Аԥсны амаҵуратә документқәеи АИХқәа рзы аматериалқәеи ахьҭрыжьуаз Гагратәи араионтә типографиа аусура аиҭашьақәыргылара. 1995 шықәса рзы Борис Ҷолариа И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабыс дарҭеит. Иара ихҵоуп Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Ҳаҭыр зқәу аполиграфист ҳәа ахьӡ ҳаракқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102506/80/1025068032_56:0:1193:853_1920x0_80_0_0_456badaf8e152f759b6cd3b52149a71b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп
Борис Ҷолариа Аԥсны Амилаҭтә библиотека дахагылоуп 1995 шықәса раахыс.
АҞӘА, цәыббра 22 - Spputnik. Аслан Бжьаниа Борис Ҷолариа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа ари аҳамҭа ианашьоуп "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абиблиотекатә ус ашьақәыргылареи арҿиареи рзы".
Борис Ҷолариа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт агеографиатә факультет, анаҩс Одессатәи аполиграфиатә техникум.
1989 шықәсазы Ҷолариа Аԥсны аалыҵ-полиграфиатә еидгыла агазеҭтә типографиа напхгаҩыс дарҭеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Борис Ҷолариа аамҭа кьаҿк иалагӡаны илшеит аалыҵ аҟаҵаразы аусура аиҭашьақәыргылара, Аԥсны амаҵуратә документқәеи АИХқәа рзы аматериалқәеи ахьҭрыжьуаз Гагратәи араионтә типографиа аусура аиҭашьақәыргылара.
1995 шықәса рзы Борис Ҷолариа И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабыс дарҭеит. Иара ихҵоуп Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Ҳаҭыр зқәу аполиграфист ҳәа ахьӡ ҳаракқәа.