АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсуа клавиатура аверсиа ҿыц ҭыжьуп iOS азы, уи автор - Апарламент адепутат Инар Саӡба иоуп.
Иара иҳәеит актәи аверсиа жәашықәса раԥхьа данстудентыз ишыҟаиҵаз.
Иара дызхьыԥшыз Иван Саӡба иоуп, 90-тәи ашықәсқәа рзы акомпиутерқәа рзы аԥсуа шрифт аԥҵаҩцәа иреиуаз.
Аԥшь ҿыц аус адулоуп, алшара ҿыцқәа амоуп, уи iPhone, iPad рхархәаҩцәа ирызкуп. Иҭажәгалар шәылшоит абри азхьарԥш аҟынтә.