Аԥсны

Аза Гәынба-Агәмаа еиҭалҳәеит лыҷкәын данҭаха ашьҭахь еибашьра дышцаз

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
Ари адырраҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аза Гәынба-Агәмаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит лыҷкәын еиҵбы данҭаха ашьҭахь еибашьра дышцаз, аибашьра дшылцәалаӡыз лԥеиҳабгьы, лашьеиҵыбгьы.
Аза Гәынба-Агәмаа аибашьра ианалага лԥеиҳабы Асҭамыр Агәмаа 19 шықәса ихыҵуан, лԥеиҵбы Леон Агәмаа 16 шықәса. Лԥеиҵбы Леон дҭахеит жьҭаарамзазы, уи ашьҭахь лара амедицина-санитартә баталион далалеит. Лԥеиҳаб Асҭамыр дҭахеит Аиааира мчыбжьык шагыз.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.