Амедицина-санитартә баталион иалахәыз аҭыԥҳацәа аныҳәақәа ианырԥыло аамҭазы, ақьафурҭаҿы зегь реиҳа илахҿыху, ритм ӷәӷәала икәашо дреиуоуп иахьа ишәсырдыруа "Агәымшәараз" амедал занашьоу Сулико Шьакаиа. Лара диит 1-тәи Агәыбедиа ҳәа изышьҭоу ақыҭаҿы. Иахьа дынхоит Аҟәа. Агәамбзиареи аԥсҭазааратә ҭагәҭасрақәеи, аԥҳәысеибареи лнырзаргьы, ахаан иулырбаӡом, лхы-лҿы лашоит, ауаа аԥхарра рызшо.
Аибашьра анцоз 30 шықәса лхыҵуан, аҭаацәара далаӡамызт Сулико. Аибашьра анеилга рыԥсҭазаара еиларҵеит илыцеибашьуаз Владимир Аргәыни лареи. Дырхылҵит Есениа захьӡу аԥҳа. Хәбаҟа шықәса раԥхьа идунеи иԥсахит Сулико лхатә ҩыза, аха лыӡӷаб лыла лгәы дуны аԥсҭазаара амҩа дануп аветеран.
Сулико Шьакаиеи лыԥҳа Есениа Аргәыни
© Foto / Предоставила Сулико Шакая
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз Аиааира аламҭалазы аицәажәаразы лареи сареи ҳаиқәшәеит Аҟәа агәаны. Сулико лгәалашәарақәа ирыгмырхакәа, ирыцымҵакәа ишәыдызгалоит, аԥхьаҩцәа шәхаҵкы.
Очамчыра
- Аибашьра ианалагаз аҽны Очамчыра сыҟан. Аус зуан ансабль "Ерцахә" аҿы. Саҳәшьа Лиқор ауадақәа аалхәан, убри аламҭалаз лареи сареи убра ҳаицыҩнан. Ателевизор аҿакын, убрантәи иҳаҳаит аибашьра иалагеит ҳәа. Ҳгачамкит саҳәшьеи сареи. Ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳуада асоф ахь ҳцәырҵит. Адәахьы ҳдәылԥшит иҟоу еилаҳкаарц, нас ааигәа инхоз аԥсуааи ҳареи ҳаигәныҩит. Октиабрмза нҵәаанӡа ҳзалымҵыкәа уа ҳаанхеит. Раԥхьатәи амшқәа рзы иаазаргьы, ирлас ицап ҳгәахәит.
Ақырҭқәа уа иҟарҵоны сыла иабаз еиҭаҳәашьа амам. Агәаларшәарагьы уадаҩуп, избанзар улаӷырӡ аанамгар ауӡом. Иҳаҳауан агвардиауаа Аҟәанӡа ишынаӡаз, аиҿахысрақәа шцоз. Ҳгәылацәа ақырҭқәагьы ҳазхьамԥшуа иалагеит нас-нас. Кристиан Бжьаниа иан Вера ҳара даҳгәылан. Уи дааҟәымҵӡакәа аинформациа еизылгон, аҭелқәа дрысуан. Убри лҟынтәи иҳаҳауаз ыҟан.
Сулико Шьакаиа
© Foto / Предоставила Сулико Шакая
Сара убысҟан исоуз ашәареи агәыҭҟьареи иахьа уажәраанӡа исыцуп. Ҳара ҳзы даара ишәарҭан Очамчыра аҟазаара. Ешелонла иаарго иалагеит ақырҭуа ар. Ҳҿаԥхьа ахәыҷбаҳча ыҟан, убра иҩнарҵеит. Дара ҳара ҳпенџьырқәа рахь иԥшуа иалагеит, ҳгәарҭеит. Инхоз азусҭцәаз инаркны зегь рдыруан.
Абри Кәачара ажәылараҿы дара анаҵаха ашьҭахь ихагахеит. Аԥсуа захьӡу дахьыҩноу, дахьыҟоу аҩнқәа рҿы иҩнало иалагеит. Аԥсуаа дәылганы иршьуа иалагеит. Ҳара ҳахьыҩназ ауада аԥарда шыҟаз убас иҟазар акәын, алашара аркызар иаҳмырцәар акәын, избанзар аҩны ҳшыҟоу рдырыр иааир алшон. Ус шыҟаҳҵозгьы, ҽнак зны ихалеит ҳа ҳахь. Равтоматқәа харшаланы ҳаадәылыргеит ааҩык аԥсуаа. Абра шәыхқәа хыҵәҵәаны астадион ахь иганы ампыл ҳасроуп рҳәеит. Дара аазгаз сымаҳә игәыла ақырҭуа иакәын, ҳаидыруан. Автомат аашьҭыхны данҳаххысаа ҵаҟа слеизҟәыҿит, ацыԥхь ицоз сыхцәқәа еиланаргылеит. Саҳәшьа сыршьыз џьылшьан, дхьыдышьшьны дкаҳаит. Ианааиқәтәа, бымшәан, сыԥсы ҭоуп сҳәеит. Ааит, еиҭа шәцәажәома иҳәан, ицызи иареи ршьапқәа наҳгәыдырҳәазаланы иаҳхысны ицеит, уи аҽны ҳамшьыкәа.
Ус ҳшыҟаз акәымкәа, ҷкәынак дхалеит ҽнак. Ашә дасит. Иуҭахи сҳәан, бдәылҵ иҳәеит. Сдәылигеит. Саԥхьа бгыланы бцала иҳәан, ҵаҟа сылбааигеит. Саҳәшьа ауадаҿы дынхеит дӷьаҵәыӷьаҵәуа. Ҳаҩны аҿаԥхьа аӡааирҭа акран ыҟан. Дара зегьы рбарҭан ахәыҷбаҳчаҟынтә. Санылбааигоз, исеиҳәеит сара сауаԥсуп, Қарҭынтәи абра еибашьра сааргеит ҳәа. Иҟоу бдыруама, сара абыржәы анҭ иахьырбо иаӷьны сбацәажәалоит, абри акьаҿ исшәу бысҭоит, убри быӡәӡәошәа ҟабҵоит иҳәеит. Ҭынха дшәымазар, абра шәалҵ, мамзар шәҭадырхоит иҳәеит. Автомат схы инахикын, бымшәан, сара сыбжьы рдуны саӷьлоит, иҳәеит акран аҿы ҳаннеи. Икьаҿ аӡы налсыршан, иавтомат ласықәикын еиҭа икьаҿ аҩныҟа ихагаланы икнасҳауашәа суадахь сгьежьит, иара дцеит. Санааи, саҳәшьа иласҳәеит ҳалымҵыр ҳшыршьуа шсеиҳәаз.
Очамчыра дынхон сҩыза Марина Шонелиаԥҳа (ҷлоутәин) лыԥшәма Кикалеишвили Инвер ихьӡын, идунеи иԥсаххьеит. Иара дақырҭуан, аха аума изаарцахьан. Дҟәаҟәаса дышьҭарҵеит зны, аԥсуаа ирымашәкузеи, еибашьра шәышԥааи ҳәа агвардиауаа дырҿагылеит азын. Аштаб аҿы дганы дрыпҟон аԥсуаа ушԥарыдгылеи ҳәа. Абри ахаҵа ҳа ҳҿы дааит ҽнак.
"Сули, амашьына аараны иҟоуп сара сҟны, шәҽеибышәҭа баҳәшьагьы баргьы. Шәаналымҵ шәыршьуеит, шәысхызхьчаӡом, схаҭа схы ԥҽны сшыҟоу ббоит", - иҳәеит.
Иҩныҟа ҳцеит амашьына аныҟало ҳәа ииҳәаз аамҭазы. Машьына дук ааит. Амашьына ҳнанырҵан, гәабанқәак наҳақәырҵан гәамчамқәак алыргошәа уаҩы ҳимбарц абас ҳжәагәаны ҳалыргеит. Уажә шәымцар, уа Мишвель ҳәа иахьашьҭаз Бедиатәи ахәы ргар амҩақәа акуеит шәызцаӡом иҳәеит иара. Уи ахәы ҳаракыран. Уантәи ақыҭақәа зегь убон унапсыргәыҵа ианушәа. Бедиа ахәааҿы ҳнаргеит Чхәарҭал иалсны Ҵарча ала.
Еибашьра сцароуп
- Очамчыра саныҟаз Ламара Чамагәуа лыбжьы саҳаит арадио ала, аӡӷабцәа асанитартә баталион аҿы ҳаҟоуп, изҭаху шәааи ҳәа шылҳәоз. Бедиа ҳаннеи адырҩаҽныҵәҟьа сааит аштаб аҿы. Уа ақыҭаҿы аштаб ыҟан. Алик Аршбеи Лаврик Амқәаби збеит уа. Аҩны сашьцәа ирасҳәеит саргьы еибашьра сцароуп ҳәа. Шәара шәахьыҟоу саргьы сыҟазароуп сҳәеит.
Нури, Бичо еибашьуан, Иура Тҟәарчал "Зариа" азауад аҿы аибашьыга маҭәахәқәа аремонт ахьырзыруаз дыҟан. Аштаб аҿы саннеи аҷкәынцәа ирасҳәеит сара Очамчыра салҵны сааит, абра сшәылагылазар сҭахуп ҳәа. Алик Аршба ари еибашьроуп, хәмарга усым иҳәеит. Ара ажәылара ҟалоит, ахысра ҟалоит иҳәеит. Ҳаԥхьаҟа аус ӷәӷәақәа шьҭоуп, бара ари былшарым иҳәеит. Сыршьуазаргьы, абра аҩны шәара шәыгәҭа сыршьааит сҳәан, саақәгылт. Нас, ибмугәышьозар, быҟаз ара иҳәеит. Убри инаркны срыцын аибашьра еилгаанӡа.
Бедиа артҟәацгақәа аналарыжьуаз ахәцәа ҟамлози, "аа, Сули, барҭмаҟ шьҭыхны быҩ" рҳәон. Сыҩны сдәықәлон иаразнак. Баангыл, аӡә дбыцысҵоит иҳәон Алик. Нас, снаскьазгози сареи ахәцәа рҿы ҳнеиуан, урҭ рыхәрақәа ҿаҳәаны, иаарыцқьаны, ршьа мцарц азы иааҿаҳәаны, атрактор (лафет) инақәырианы, Тҟәарчалҟа агоспиталь ахь иҳашьҭуан.
Ҳа ҳтәқәа гәаҟрас ирымаз, абри Мишвель (Ешқыҭ) ахәы ргар рҭахын. Уа ақырҭқәа ықәтәан. Абри агаразы еилацәажәон ҳа ҳтәқәа. Ирымгар, Тҟәарчал иалахыслон, ауаа ндырҵәон. Уи ахәы ргаанӡагьы Бедиа ахәцәа рацәаҩын. Снапы зхьысыз маҷҩым, зегь рыхьӡқәа сгәалашәом акәымзар. Иахьа ҳанеибабогьы гәыблыла аԥсшәа еибаҳҳәоит. Аибашьра нҵәаанӡа Бедиа сыҟан, уа ахырӷәӷәарҭақәа рацәан, ацхыраара иазгәышьуан.
Ҽнак ажәыларақәа ҟалеит. Арациала иҿырҭит ахәцәа ыҟоуп ҳәа. Дали дааиааит рҳәеит. Абри аусҳәарҭа ахьыҟаз инаныршәланы сдәықәлеит. Вова Аргәын дсыцын. Аҩадара ҳаҿалон, Алик ҿиҭуан, шәыҽҭашәыжь џьара, ахысра иалагеит ҳәа. Агаубица иҭҟьаз ауп ҳәа сыҟоуп, ишьҭыԥа-шьҭыԥо иаауан ахы. Ӡмахрак ыҟан убра ҳаҽҭаҳажьит. Ианааиқәтәа, Оҭар Ламиеи Нодар Какәыбааи ихәыз ҟабарда ҷкәынак даҳԥыргалеит. Иԥсы нхоу инымхоу сыздыруам, дҿаҳәаны Тҟәарчал агоспиталь ахь дҳашьҭит.
Сулико Шакая
© Foto / Предоставила Сулико Шакая
Счамгәыр зехьынџьара исыцзар акәын…
- Сара сшьа-сда иалоуп алахҿыхра, ашәаҳәара, акәашара, алафҳәара. Сыԥсҭазаараҿы агәаҟрақәа ирацәаны срықәшәахьеит, аха убри счамгәыр ала ашәа ҳәаны ихысҽуеит. Аибашьцәа исзааргеит ачамгәыр. Иасырҳәошәа анырба, Дали, ҳбыҳәоит, ҳа ҳахь бааи ҳәа сарҳәон ахырӷәӷәарҭақәа рҿы итәаз. Сеимаркуан, ажәакала. Сцон апозициақәа рахь ашәа рзысҳәон. "Синана" еиҳарак бзиа ирбон, нас "Сыхаара, сыԥсадгьыл". Абзиабара иазкыз, аркәашага ашәақәа уҳәа издыруаз зегь асырҳәон. Даргьы анацкәашоз ыҟан. Урҭқәа злаҭаҳхуаз ҳамамызт ҳара, убри сгәы иалоуп.
Надежда Исаевеи Сулико (Дали) Шьакаеи
© Foto / из личного архива Надежды Исаевой
Счамгәыр иадҳәалоу хҭыск шәасҳәоит. Мишвель ҳәа изышьҭаз агаразы ажәылара ргәы иҭан ҳа ҳтәқәа. Ус, арациала ҿырҭит Сули бааироуп ҳәа. Надиа Исаевагьы дсыцын, счамгәыргьы шьҭысхит, уи зехьынџьара исыцзар акәын. Ахәы аҵаҟа ҳхырӷәӷәарҭаҿы ҳахьнеиз, Сули, абыржәы ашәа ҳзыбҳәароуп рҳәеит. Ақырҭқәа ааигәаны ҳхаҿы итәан, ираҳар ҳандырҵәоит, ашәа зласҳәои сҳәеит. Хыхь дара ықәгылан, ҳара ҵаҟа. "Синана" ҳзыбҳәароуп рҳәеит. Ашәаҳәара салагеит, иҳәала ашәа, иҳәала ҳәа хыхьынтә ақырҭуа сызҿиҭит уи аамҭаз. Ҳа ҳтәқәагьы уи анраҳа, Сули, баҟәымҵын, иҳәала ҳәа сыҵарҳәон. Ари змааназ уи акәзаарын, ҳаҷкәынцәа рџьаԥҳаны маҷзаарын, излахысуаз рымамызт, Тҟәарчал аштаб аҿынтәи иаарганӡа ақырҭқәа счамгәыр абжьала "исҟажалар" акәзаарын. Сааҭки бжаки инеиҳаны абри ахәы аҵаҟа, аԥсуа хырӷәӷәарҭаҿы счамгәыри сареи ҿааихак ҳамамкәан ҳабжьы гон. Абас аамҭа ганы, џьаԥҳаныла рҽеиқәдыршәеит ҳа ҳтәқәа. Ус, иҳауит, иҳауит ҳәа сыҵарҳәеит ҳаҷкәынцәа, рџьаԥҳаны анааи. Ашьҭахь ауп ианыхсыркәша "сконцерт". Абри ахаан исхашҭӡом.
Ажәанҵара
- Аҷкәынцәа рацәаҩны имаауаз ҳа ҳахь. Иҟаларын сызгәаԥхоз ыҟазаргьы, аха сара усҟан уи схаҿы исзаагаӡомызт. Усҟан анык ҳалхылҵызшәа акәын зегь ҳшеибабоз. Абаталион асҭаршын ҳәа дыҟан Вова (Владимир) Аргәын. Убри ҽнак зегь штәаз, уажә аибашьра цоит, аха ҳамԥсыкәа ҳанхар, сара сыԥсҭазаараҿы бара бҟалар сҭахуп ҳәа ҿааиҭит. Зегьы ишраҳауаз абас ажәа сниҵеит. Уи заҳаз са соума сҳәан, сыҭра сааҭҟьан, дысхыччома сҳәан, сзықәтәаз аҟәардә аашьҭысхын, ируааӡаны исыршәит иганахь. Нас, иаасԥыхьашәоз - саанума, мҳаҵәума зегьы ишькласҵеит. Иара "бгәы ԥнажәеит акәу?" иҳәон аҭакс. Уи иҳәацыԥхьаӡа еиҳагьы сгәы ԥжәон.
Абри аԥхын ахысрақәа анаанкылаз ари аҟәардә згәыдысҵаз Вова, дырҩегьых иаацәыригеит, "Дали, уажәы аибашьраан уи иаамҭам, аха ишынҵәалакгьы бымҵасырсуеит" ҳәа. Нас аҷкәынцәа ус рҳәеит, Вова, уара иуқәнагоуп аразҟы бзиа, аибашьра ааилгар, џьара БМП акәзаргьы акы дақәыртәаны дузымҵаҳарсуеит. Иара дызласгәаԥхоз ҟазшьак иман, иуаҩра, ихпатуқәҵара уҳәа аҟазшьа бзиа змаз иакәын. Џьара ҳцозар, Вова дсыцышәҵа сҳәон, убриаҟара игәра згон. Нас, аибашьра анынҵәа, Егрынӡа ҳаннеи ашьҭахь абзиараз ҳәа аибыҳәахагьы ҳмоуит. Ҳаивнагеит зегьы. Сыԥшит, аха Вова ихабар ыҟамызт, Москваҟа дагеит рҳәеит. Сара Аҟәаҟа сааит, саҳәшьа ара дыҟан азы.
Аибашьра ашьҭахьтәи раԥхьатәи 1994 шықәсазтәи Ашықәс ҿыц ҳҽазыҟаҳҵон. Ҳрацәаҩын еилатәаз, ҳқыҭа ҷкәынцәагьы ыҟан. Аишәа рхианы ҳшахатәаз, асааҭ 12 ианахыс, ашықәс ҿыц ҳанҭалоны, аҟәҟәаҳәа дхысуа аӡә ашҭа дҭалеит. Ашә аадыртын, аҷкәынцәа ндәылыԥшын, аа, Вовчик дааит ҳәа рыбжьы геит. Унан, ари уаха ара даазгеи аасгәахәит. Данааҩнала, шәышԥаҟоугьы мҳәаӡакәа, ирхиаз аишәа днадгылан аҵәца аашьҭихын - ара бааи сҩыза иҳәан снаиԥхьеит. Сара, иҳәеит, ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит, аха сыззааз хазуп иҳәеит. Сыла шааԥшуа унасыԥ сурбароуп ҳәа саб ианиҳәа, ажәа исҭеит абыржәыҵәҟьа аҭаца дузаазгоит ҳәа. Баалароуп абыржәыҵәҟьа иҳәеит. Сыҽсырххаргьы, мап-чап сҳәаргьы ауан, аха акгьы мҳәаӡакәа ашьшьыҳәа снаишьҭалеит. Тҟәарчалҟа ҳамҩа хан. Сызлеигоз танкмызт, аха "Жигули" ала дааит. Русик Делба ҳәа дыҟан, идунеи иԥсаххьеит, убри аԥсҟы икын. Уи амашьына алашара амамызт, ҳҳәазо ҳцон. Уа сахьнеиз гәырӷьарахеит. Сабхәа, ԥсаҭа шкәакәа, дышьҭан. Иаԥхьа снадыргылеит аҭаца дузааҳгеит ҳәа. Уажәшьҭа сылацәақәа еиқәысыԥсаргьы сгәы ҭынчуп иҳәеит иара.
Сулико Шьакаиа, лыԥшәма Владимир Аргәын, рыԥҳа Есениа.
© Foto / Предоставила Сулико Шакая
Зегь иреиҳау аныҳәа
- Аҟәа иалалеит ҳәа ҳа ҳтәқәа арациала ианраҳа, ҳаҷкәынцәа узнымкыло, ахырӷәӷәарҭақәа ааныжьны ицарц рыӡбеит Аҭара шыҟаз наҟынтә иаауа ҳарԥылоит ҳәа. Аха акомандирцәа уи аҩыза азин ҟарымҵеит, избанзар ара ахырӷәӷәарҭақәа рааныжьра шәарҭан. Априказ ҳауаанӡа шәдәықәлар ҟалаӡом рҳәеит. Сентиабр 29 ауха Агәыбедиеи Рекеи рыла шьапыла ҳдәықәлеит. Аҽгәара ҳаиқәшәеит Мраҭашәаратәи аибашьцәеи ҳареи. Гәырӷьаран, иагьҵәыуаран ҳаиԥылара. Нас, атанкқәа ҳнарықәтәаны Гал аҳәааҿы ҳцеит…
Аиааира амш са сзы зегьы иреиҳау ныҳәоуп!
Сулико Шьакаиеи Индира Малыиеи
© Foto / Предоставила Сулико Шакая