Иҟан аҵеицәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы ахәрақәа шроузгьы, шьҭахьҟа ихьамҵкәа, рхьаақәа чҳаны зҩызцәа нызмыжьуаз. Убарҭ дыруаӡәкуп иахьатәи санҵамҭа зызку мгәыӡырхәатәи аибашьҩы Џьон Кәынҵал-иԥа Бжьаниа. Иара ихәрақәа ирхылҿиааз ачымазара иахырҟьаны 12 шықәса раԥхьа идунеи иԥсахит, аха игәалашәара наунагӡа аԥсы ҭоуп. Аветеран инысымҩа анҵоуп иашьеиҳабы Беслан Бжьаниа иажәақәа рыла.
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан зхатә џьабаала инхоз Кәынҵал Бжьаниеи иԥшәмаԥҳәыс Еҭери Гыцԥҳаи хҩык ахшара рааӡеит - ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Асовет Еидгыла иацыз ауадаҩрақәа ириааины, иара убас ирнаҭоз алшарақәа рхы иархәаны ани аби рхәыҷқәа ршьапы иқәдыргылеит. Рԥацәа Беслани Џьони "Золотой берег" ҳәа еицырдыруаз акурорттә ҭыԥ аҟны иахьынӡақәыԥшыз аус руан. Анаҩс иалагоит аибашьра…
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раԥхьатәи амш аҽны, Џьон иҩызцәеи игәакьацәеи Рауль Леибеи, Роберт Ԥкьыни, Игорь Дубинеци уҳәа аҷкәынцәа дрыцны Аҟәаҟа дцеит. Убра "Красный мост" ҳәа иахьашьҭаз егьырҭ аԥсуа еибашьцәа ирыхьӡеит.
"Ҳқыҭа ҷкәынцәа Аҟәа ианнеи, раԥхьатәи аидыслара еилгахьан. Убри аҟнытә, Гәымсҭа ацҳа аҵаҟа аҭыԥқәа еихшаны аруаа дыртәо ианалага, Џьон ицызи иареи изхылаԥштәыз аҵакыра дырбаны анапынҵақәа рырҭеит. Аамҭак ашьҭахь Уазабаа ҳәа иахьашьҭоу идыртәеит. Ус ишыҟаз еиҿыркаауа иалагеит аминаҵаҵаҩцәеи аҵхыҩцәеи ргәыԥ, аха аԥхьанатә уи ахархәашьа бзианы иҵатәын. Џьон иҩызцәеи иареи ари аус ҭакԥхықәрала иадгылеит, иагьрықәҿиеит", - еиҭеиҳәоит аиашьа Беслан Бжьаниа.
Џьон Бжьаниа иҩызцәа рыгәҭа. Афото - Марина Барцыцԥҳа
© Foto / их архива Марина Барцыц
Џьон иеибашьратә мҩа иациҵоит Русик Ҳалбад командаҟаҵаҩс дызмаз аԥшыхәратә гәыԥ 1-тәи абригада дацны. Убраҟа ицеибашьқәоз аҷкәынцәа иреиуоуп Леуан Миқаа, Мирод Џьергьениа, Вианор Аҩӡба, Лаша Џьарсалиа уҳәа.
Џьон дызлаз абригада алахәын ажәыларатә аоперациақәа жәпакы. Ус, 1993 шықәсазы Ахалшени ԥшыхәра ишыҟаз, ҩыџьа аӷацәа ҭҟәаны иргоит ҳәа ишаҿыз, ақырҭцәа гәыԥҩык рыкәшан, ӷәӷәала аиҿахысра иақәшәеит. Убасҟан Џьон ихәдаџьал ахы алалеит.
"Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ахәышәтәра дахысны, макьана имчқәа шкәадазгьы, Џьон еиҭах аибашьра дцоит. Дагьақәшәоит Ииультәи ажәылара", - игәалашәоит Беслан.
Џьон Бжьаниа иҩызцәеи иареи. Афото - Марина Барцыцԥҳа
© Foto / их архива Марина Барцыц
Аԥсуа ар рзы ихьанҭаз, аԥсҭбара зцыз ԥхынгәытәи аоперациа Џьон иԥсы ҭаны далҵит. Ус иааигәахеит аҳҭнықалақь аҭарцәразы аҵыхәтәантәи ажәылара. Аԥсуа еибашьцәа цәыббрамза агәҭаны Ачадара ианазааигәаха, аӷацәа ҩаԥхьа ирымаз рабџьар рганахь иҭдырҟьо иалагеит. Убраҟа, арыцхә 18 рзы аӷацәа дҭадырхоит Џьон иқыҭа иалҵыз аибашьҩы Сергеи Ажьиба.
"Џьон Сергеи иԥсыбаҩ алигоит ҳәа даланага аамҭазы, игәы иазааигәаны ибӷа ахы алсуеит. Агоспиталь ахь даннаргалак ихәрақәа збаз аҳақьым - "насыԥ иманы диит" иҳәоит. Џьон дырхәаанӡа ҽнак шагыз саргьы Аҟәа азааигәара ахәра соуит", - иажәа иациҵоит аиашьа.
Џьон ихәрақәа рыцқьаны иӡахны ддыриеит. Уаанӡагьы дрымхәхьази, иҭагылазаашьа уашәшәырахар ҳәа ишәаны амедиаҳәшьцәа лассы-лассы иааины ихылаԥшуан. Аха Џьон шаҟа агоспиталь дышьҭамхарыз, азин шимамзгьы, дгыланы ҩаԥхьа иҩызцәа дрыхьӡаны Аҟәа ахақәиҭтәра иҽалархәуеит. Егрынӡа днаӡаны Аиааира шаҳаҭра азиуоит.
Џьон Бжьаниа арыӷьарахь. Афото - Марина Барцыцԥҳа
© Foto / их архива Марина Барцыц
Џьон Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы аҩны даанымгылеит. Акыр шықәса атәыла аҳәаақәа рыхьчара далахәын.
Џьон Кәынҵал-иԥа иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп Леон иорден, иашьа Беслан – "Агәымшәаразы" амедал.
Џьон Бжьаниа иоухьаз ахәрақәа ирхырҟьаны, ирҳаз ачымазара хьанҭа иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит 47 шықәса дшырҭагылаз. Аибашьҩы иҭынхеит хҩык ахшара.
Аҟазшьа бзиаӡа змаз, аҩызцәеи аҭынхацәеи рзы згәы былуаз, алафҳәара иазҟазаз Џьон Бжьаниа иахьагьы иҟамзаара рныԥшуеит изааигәаз зегьы.
Џьон Бжьаниа
© Foto / из архива семьи Бжания