Аԥсны

"Ахәра ахьаа ахаҵа иԥышәагоуп…": агәыӷра иасимволу "Ахәра ашәа"

Аԥсуа жәлар жәытәнатәаахыс рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу, ахьаа цәгьа змоу зхьаа ихазыршҭуа ашәа "Ахәра ашәа" иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Sputnik
Акырынтә Аԥсны аҭоурых аҿы аԥсуа жәлар аҧышәара аамҭа иҭанаргылахьеит. Аԥсадгьыл аҵеицәа рхы иамеигӡа уи ахьчаразы игылон. Аԥсуа дгьыл аимҵәара иашьҭаз аӷацәа еснагь аԥсуаа раасҭа хыԥхьаӡарала еиҳан. Ҭоурыхла зыԥсадгьыл ахьчара зқәашьыз ажәлар дшыхәыҷыз инаркны ахаҵа ахаҵараз драаӡон, аӡәк шәҩык дреҩсуа дыҟазар акәын. Иара ажәа "ахаҵа" ахаҭа агәаӷьра, ахаҵара аазырԥшуа епитетны иҟалеит.
Аӡәк дышәҩыкны даныҟаз аамҭазы, ахәра зауаз ахацәа реиқәырхара, урҭ рыхәра бааԥсқәа рырӷьара акраҵанакуан. Избанзар ахацәа ракәын аԥсадгьыл аиқәырхара, ахьчара, ахақәиҭра зҭакԥхықәраз. Ахә дыбзиахар иԥсадгьыл ахьчараз днагылон дырҩегь. Абас иҟаз аҭагылазаашьа ауп изырҿиаз уажә ҳзыхцәажәо "Ахәра ашәа".
"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала
"Ахәра ашәа" даҽакала агәырӷәӷәага, агәышьҭыхга ашәа ҳәа азуҳәар ауеит. Аԥсуа жәлар жәытәнатәаахыс рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу, уаназыӡырҩуа узырхәцуа, угәаҵанӡа иҭаланы угәы арахәыцқәа еимыздо, ахьаа цәгьа змоу зхьаа ихазыршҭуа ашәоуп. Ари ашәа зны-зынла ицәырызгоз иара ахәра змаз ихаҭа аниакәызгьы ыҟан. Иҟалахьан ус еиԥш ахҭысқәа аибашьра адәаҿы ахәра зауны ишьҭаз ихьаа ахҽразы "Ахәра ашәа" анцәыригоз, усҟан ибжьала ицеибашьуаз ирдыруан рҩыза дышхәыз, даргьы иаразнакала иааигәа ахқәа инармышьҭуа иҟазҭгьы, уи ашәа ицырӷызуа аибашьҩы игәы дырӷәӷәон.
"Ахәра ашәа" анырҳәоз ирыцдырхыраауан аԥсуа музыка рҳәага аинструментқәа рҟынтәи аԥхьарца. Ажәытәан аибашьра ианцоз афырхаҵара ашәақәа нагӡо аԥхьарца азырҳәоз аԥхьа дгылан днеиуан, уи ахы иқәшәар ишьҭахь иааиуаз аԥхьарца наимданы иашәа наигӡон, "аԥхьарца – ԥхьа цагоуп" ҳәа иршьон. Ажәақәа ацӡамкәа аԥхьарца ахала ианадырҳәозгьы ыҟоуп. Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ахә-ачымазаҩ игәы шихадыршҭуаз асахьа ҭихуеит абас:

"Иаажәг, ахьаа ахаршҭга, агәырӷәӷәага! – иҳәеит ачымазаҩ хәҷык днақәымчшәа… Ачымазаҩ игәы ҩарханы дышьҭан. Аԥхьарца анирҭа, хәҷык иҩаихашәа хычқәак наиҵарҵеит, аԥхьарца игәы иқәҵаны, ахыц наҿишь-ааҿишьит. Аккаҳәа иаарылаҩит уи абжьы. Далагеит арҳәара… Аԥхьарца ӷызы-ӷызуан, иҵәаа-ҵәаауан, уасҟан игәаҟуаз, ахьаа цәгьа змаз иара аԥхьарца ахаҭа акәын, иазырҳәоз иакәӡамызт уҳәарын… Ачымазаҩ гәаҟ иакәзар, хәшәык ижәызшәа ашәа дарҭынчын, илацәа нҭааит…".

Аԥсуа жәлар рашәақәа зегьы раԥхьаӡа системала ашәҟәынҵара иалагаз Константин Ковач ишазгәеиҭоз ала, "Ахәра ашәа" х-мотивк рыла ишьақәгылан. Раԥхьатәи рҳәон ахаҵа данырхәлак, игәы арӷәӷәаразы. Анаҩстәи "Ахәра ашәа" рҳәон ахы злаз ҟамаԥынҵала ахы анилырхуази ихәра анҿарҳәози. Аҵыхәтәан "Ахәра ашәа" рҳәон ачымазаҩ ахы анилырхлак, ихәра анҿарҳәалак ашьҭахь, ахәра змаз дарҭынчып, игәы иханаршҭны, дарцәап ҳәа. Абасала иара мелодиалагьы аҳәашьа аҽеиҭныԥсахло ицоит: зны ҭынч ихиаала ахы зкуа аритм, ҽазны аӷьеҩҳәа ацәқәырԥеиԥш ишьҭыҵуеит, мцала иршу аҟамаҿеиԥш угәы ҵнаблаауеит, нас дырҩегь ашьшьыҳәа уан агара ашәа анузылҳәоиԥш уарҭынчуеит. Арҭ "Ахәра ашәа" авариантқәа рҷыдарақәагьы азгәаҭоуп. Ашәа ажәақәа алаҵаны ишырҳәо еиԥш, ажәақәа аламҵакәа мелодиа мацаралагьы ишьақәгылоуп. Бжеиҳан уи шьақәгылоуп, аԥсуа жәлар рашәақәа ишрыҟазшьоу еиԥш, "уа раида, уа раида, уа рада, рерашьа" ҳәа иҟоу рефренла. Ианҵоу "Ахәра ашәа" аҳәашьақәа рҟынтәи ажәақәа зланы иҟоу ҳәа ҳара иаҳбаз абри куплеткзаҵәык ауп:
"Ахәра ахьаа ахаҵа иԥышәагоуп,
Ахәра ӷәӷәа зычҳауа ахацәа роуп.
Уа, ахы зықәшәаз хыԥшаз џьишьеит,
Ашьа илҵыз ԥхӡыз џьишьеит…"
Аха арҭ аԥшьцәаҳәакгьы иуарҳәо заҟа ирацәоузеи…
Аибашьраҟны ахәра зауз иҩызцәа дрыманы иҩныҟа ихынҳәуан. Уи ихәышәтәраҿгьы зегь реиҳа амч змаз иҩызцәа идтәаланы изырҳәоз игәы зырӷәӷәоз "Ахәра ашәа" акәын. Уи убасҵәҟьа аҽцәырнагеит ари ҳаибашьраҿгьы (1992-1993), ақырҭуа мпыҵахалаҩ иҟынтәи ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра ианазықәԥоз. Ҿырԥштәыс иаҳгозар, ашәаҳәаҩ, амузыкант, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Нодар Кәарҷиа ахәшәтәырҭаҟны ахәцәа дрылатәаны ирзынаигӡоз "Ахәра ашәа". Аха уи "Ахәра ашәа" ахәра змаз аибашьҩы имацара изкым, уи азкуп ахәра знылаз аԥсадгьыл Аԥсны ахаҭа:
"Ахәра ашәа узысҳәоит сыԥсадгьыл,
Ахәра ашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭып са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу, сыԥсы зыҿҳәароу…"
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыхәрақәа неиқәҳәаланы дырҩегь хацәнамырха аӷа иҿагылон, ахақәиҭраз иқәԥон, игәыӷуан… Урҭ ргәыӷрақәагь ҳара ҳҟны иҵәахуп, ҳара ҳнапы иануп…
Аиааира ҳзаазгаз ҳа ҳбызшәа – аибашьра амаӡа бызшәа