Ирина ахысра ӷәӷәақәа раан лхаҿы иааиуаз ахәыцрақәа ртәы дрылацәажәо, иазгәалҭеит аибашьра иалагылоу зегьы ҳаԥсы ҭаны ҳанхар, шаҟа пату ҳақәырҵаришь ҳаԥсы ахьынӡаҭоу, ҳашԥаҟаларишь ҳәа лгәы ишҭашәоз.
Жәыларацыԥхьаӡа ҳаӷәӷәахон, иҳалабжьон, абџьаргьы ҟалеит ахацәа рзы, ахәшәқәагьы ҳауит, есааира аԥышәа ҳауа ҳалагон ҳәа азгәалҭеит лара. Аԥсыҭбара рацәаны ианыҟалоз аҷкәынцәа гәамҵуан, аиааира ҳгароуп, аиааирада шьҭахьҟа цашьа ҳамам ҳәа рҳәон ҳәа лгәалалыршәоит аветеран.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.