Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Папԥҳа аибашьра иалагылаз рзы: уаанӡатәи рыԥсыҽрақәа нкажьны рҽырӷәӷәаны рус ҟарҵон

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Папԥҳа леибашьратә мҩазы
Анапаҵаҩра
Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра ишалагаз азы ажәабжь шлаҳаз, медиаҳәшьас аҭынч ԥсҭазаараҿы аус зуаз лакҩакрак ҟамҵакәа афронт ахь дышцаз, лыҷкәын еиҳабы дышқәыԥшызгьы уа дышлывагылаз.
Ирина ахысра ӷәӷәақәа раан лхаҿы иааиуаз ахәыцрақәа ртәы дрылацәажәо, иазгәалҭеит аибашьра иалагылоу зегьы ҳаԥсы ҭаны ҳанхар, шаҟа пату ҳақәырҵаришь ҳаԥсы ахьынӡаҭоу, ҳашԥаҟаларишь ҳәа лгәы ишҭашәоз.
Жәыларацыԥхьаӡа ҳаӷәӷәахон, иҳалабжьон, абџьаргьы ҟалеит ахацәа рзы, ахәшәқәагьы ҳауит, есааира аԥышәа ҳауа ҳалагон ҳәа азгәалҭеит лара. Аԥсыҭбара рацәаны ианыҟалоз аҷкәынцәа гәамҵуан, аиааира ҳгароуп, аиааирада шьҭахьҟа цашьа ҳамам ҳәа рҳәон ҳәа лгәалалыршәоит аветеран.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0