АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҟны рхырӷәӷәарҭақәа дырӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа жәба, иҭархоуп 35 солдаҭ, атанкқәа ҩба, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, артиллериатә системақәа М777 ҩба, агаубицақәа Д-30 ҩба, Д-20 акы. Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан УАМ амеханизациа зызуу 63-тәи абриагада ажәылара, иҭархан 50-ҩык рҟынӡа аруаа, атанкк, ҩ-кәылӡмашьынак, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархан 175 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30, Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан 20-ҩык аррамаҵзурауаа, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика", артиллериатә системақәа М777, УАМ амеханизациа зызу 103-тәи рыбригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит 109 раион рҿы аруааи атехникеи. Иқәыцҟьаауп аоператив-тактикатә гәыԥ "Донецк" аштаби УАМ 126-тәи абригада аимадарҭа ҭыԥи.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ааба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15.