Аԥсны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": Анжела Оҭырԥҳа дазааҭгылеит леибашьратә мҩа

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
"Агәымшәараз" амедал занашьоу Анжела Оҭырԥҳа илгәалалыршәеит аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы аӷацәа ирхәыз лашьеиҵбы Баҭал ахәшәтәырҭаҟны дышидтәалаз, иҭахаз аибашьцәа рҽеины рҭаацәа рахь изышьҭуаз дышрыцхраауаз. Илҳәеит аибашьра аамҭазы ҳажәлар ирымаз аидгылареи абзиеибабареи ҟалар, Аԥсны акгьы ахьуам ҳәа агәра шылго.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.