Аԥсны

Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә занашьоу еилкаахеит

2023 шықәсазы аԥхьахә аиуразы иқәыргылан 2020 - 2022 шықәсқәа рзы иҭыжьыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аиндаҭларатә комиссиа Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә иоура аихшьаалақәа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭҵаарадырра Академиа.

Маӡалатәи абжьыҭарала иалкаан хҩык: амонографиа "Колхида аҭыԥантәи акальцефиттә ҵиаақәа" автор Зураб Аӡынба, амонографиа "Алакәқәа рстильтәии рпоетика-композициатәии система " автор Џьульетта Адлеиԥҳа, аусумҭақәа "Аԥсни италиатәии ақалақь-ҳәынҭқаррақәа XIII–XV ашә рзы. Аизыҟазаашьақәа рзы аочеркқәа", "Жәларбжьаратәи азин аҭагылазаашьала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра" равтор Виачеслав Чрыгба.

Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аиуразы аиндаҭлара хышықәса рахьынтә знык ирыларҳәоит. Аԥхьахә ранаршьоит агуманитартә ҭҵаарадыррақәа русхк аҟны алшамҭақәа рзи аԥсуа ҭҵаарадырра иалагала дуны ишьоу ауаажәларратә зхаҵара ду зауз алшамҭақәа рзи.