Аԥсны

22 млн мааҭ рҟынӡа рзыршәараны иҟоуп хаз игоу атәанчаҩцәа

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала иаку ашәарақәа 20 000 мааҭ инаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. 22 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит хаз игоу атәанчаҩцәа ирзыршәаран иҟоу ҳәа иҳәеит аԥыза-министр иҟны иҟаз аилацәжәараҟны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
Зынӡа 1094-ҩык ироураны иҟоуп 20-20 нызқьмааҭ зныктәи ашәара аҳасаб ала. Арахь иаҵанакуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәагьы.
Аԥара рырҭоит иҭахаз иԥҳәыс ма иани иаби, аусураз алшара змам аҭаацәара ахыԥхьаӡала абарҭ акатегориақәа рҟынтәи:
хатәгәаԥхарала аибашьраҿ иҭахаз рҭаацәа;
1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәа;
иҭахаз рҭаацәараҿы ахымхәараз атәанчахәы аиура азин змоу.
Гәлариа иҳәеит афонд аԥаразоужьра шымҩаԥнагахьоу.