Аԥсны

Аекономика аминистрраҿы Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аимпорт аквотақәа ртәы рҳәеит

Уажәазы Урыстәылантәи Аԥсны абылтәы аиуразы уадаҩра ыҟаӡам.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуа анефҭаалыҵқәа рыквота 60 - 70% иҟоуп ҳәа рҳәеит аминистрраҟны.

2023 шықәсазтәи аквота ԥхынгәымзаз иԥсахын, 2022 шықәсазтәи иақәшәо ишьақәыргылан. Убри аан ишьҭыхын абензин АИ-92, 66 нызқь тонна аҟынтәи 70 000 тонна ахь.

Абензин АИ-95 аквота - 23 000 тонна, адизельтәбылтәы - 30 000 тонна.
Урыстәыла Аиҳабыра еиҭарҿыцит абензини адизельтә былтәи рекспорт аамҭала иахьырмышьҭо атәылақәа рсиа.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЕАЕС атәылақәа рахь абылтәы аарышьҭлоит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа азгәаҭоуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.