Аԥсны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": Фениа Аҩӡԥҳа еиҭалҳәеит хык-хык рхазы ишааныркылоз

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
Адырраҭара асас Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡԥҳа илгәалалыршәеит дызнысыз леибашьратә мҩа, еиҭалҳәеит ақырҭцәа лара дшырҭахымыз.
"Ақырҭцәа сара сырбар ҟалаӡомызт. Аибашьра аԥхьагьы ҳаидыслон. Агәылацәа агвардеиццәа ҳақәырҵон, аҩны еилдырхуан, ахацәа ирышьҭан, арахь саҳәшьеи сареи ҳакәын иҟаз. Сгәылацәа ргәаӷ азы Аҟәантә ацара сҭахӡамызт ", - ҳәа еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.