АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мыркәыла ақыҭаҿ иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал иажәақәа рыла, цәыббра 26 1992 шықәсазы Мыркәыла имҩаԥысит аӷа иҿагыланы раԥхьатәи аибашьра, иҭахеит ақыҭа ауааԥсыра.
Аибашьра ашьҭахь Мыркәыла иҭахаз ргәаларшәаразы ишьҭаҵан ахаҳә, уажәы уи аҭыԥ аҿы иаадыртит абаҟа.
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иҳәеит ҳажәлар афырхацәа шырхамшҭуа, Аԥсны зхы ақәызҵаз рыхьӡқәа кашәара шрықәым.
"Иҟалон абџьар шьҭырымхыргьы, аха рыԥсадгьыл ахьчара игылеит, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит", - иҳәеит иара.
Абаҟаҿы рыхьӡқәа ҭаԥҟоуп Мыркәыла аибашьра иалахәыз 62-ҩы ақыҭауааи 21-ҩы хатәгәаԥхарала еибашьуази.
Абаҟа аадыртит аибашьцәа Гурам Канџьи-Оглыи Ҭенгиз Гадлиеи. Абаҟа аартра иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Аҵара аминистр Инал Габлиа, ақыҭа актив, ауааԥсыра, ашколхәыҷқәа.