Аԥсны

Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш аҽны Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Цәыббра 27 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит аҵак ду змоу арыцхә – аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш аҽны Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, уи далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Ауснагӡатә иара убасгьы иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ахада Беслан Ешба, адепутатцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аҳҭнықалақь ауааԥсыра.
Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа иалагеит цәыббра 16 рзы.
30 шықәса раԥхьа, цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.
Аԥсны
Аиааиразы ажәылара: Аҟәа ахақәиҭтәра амш