АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра Амш 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара аԥсҭбара рацәа ацын: шәҩыла Аԥсны аԥацәеи, аԥҳацәеи, хатәгәаԥхарала еибашьра иааны иҳавагылази рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит ари ахақәиҭра. Инаӡаӡахааит афырхацәа рыхьӡқәа!", - аҳәоит адныҳәалара.
Атәыла ахада иҳәеит Аҟәа иахьа аҿиареи аиҭашьақәгылареи рымҩа ишану. Аҳҭнықалақь иазеиӷьеишьеит аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи, Аԥсны ажәлар – анасыԥи аманшәалареи.