Аԥсны

Аԥсны ахада АШәМ аусзуҩцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит

Цәыббра 30 рзы Аԥсны жәлар иазгәарҭоит аибашьраҿы игаз Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә Маҵзура аусзуҩцәа – аоперативтә уснагӡатәқәа рымҩангаҩцәа, аҷыдаратә Центр алахәылацәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит арҭ амшқәа рзы ишыргәаладыршәо змаҵзуратә уалԥшьа назыгӡоз, иҭахаз аусбарҭа аусзуҩцәа.
"Атәылауаа ршәарҭадара аиҿкаара, Аԥсны аконституциатә шьақәгылара ахьчара – аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә система акомпонент хадақәа иреиуоуп. Исҳәар сылшоит шәнапы иану аусқәа қәҿиарала инашәыгӡоит ҳәа", – иҳәеит Бжьаниа.
Ахада иазгәеиҭеит арҭ аусбарҭақәа русзуҩцәа рыпрофессионализм, рҭакԥхықәра ҳаракы, разыҟаҵара бзиа, ирзеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәҿиарақәеи.