Аԥсны

Ацәыргақәҵа "Аиааира ахаҿқәа" аатит Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы

Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы иаатыз ацәыргақәҵа "Аиааира ахаҿқәа" еиднакылоит афотоҭыхыҩ Владимир Попови аҳаԥы аусзуҩцәа аибашьраан иҟарҵаз рҭыхымҭақәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Ацәыргақәҵа "Аиааира ахаҿқәа" аатит Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аобиект аменеџьер Есма Гарцкиаԥҳа.
"Ицәыргақәҵоуп 15 ҭыхымҭа, урҭ еидыркалоит афотоҭыхыҩ Владимир Попови аҳаԥы аусзуҩцәа аибашьраан иҟарҵаз рҭыхымҭақәеи. Иҟоуп Афон-Ешыратәи абаталион аибашьцәа рҭыхымҭақәагьы, марттәи ажәылареи лаҭатәи арыцҳареи раамҭақәа рзы", - лҳәеит Гарцкиаԥҳа.
Гарцкьиаԥҳа иазгәалҭеит ацәыргақәҵа иахықәку Аԥсны асасцәа ажәлар ррыцҳара, атәыла аҭоурых дырдырра шакәу. Афотоҭыхымҭақәа рыдагьы иқәыргылоуп аибашьра аҭоурых атәы зҳәо аинформациатә стенд.
"Аҳаԥы авестибиуль еилаԥсо апанно ала иҩычоуп. Асахьаҿы дарбоуп аҳәа кны адгьыл зыхьчо аибашьҩи аԥааимбари. Иара убасгьы аибашьра, аиааира, Аԥсны ирызку ашәақәа ықәыҩуеит", - еиҭалҳәоит лара.
Аиааира Амш азы еиҿкаау апрограмма дазааҭгыло Гарцкьиаԥҳа илҳәеит, аекранқәа рыла иддырбалоит аибашьратә хроникеи афотосахьақәеи ҳәа. Цәыббра 30 рзы атуристцәа акәашаратә гәыԥ рԥылоит.