Аԥсны

Мариа Захарова Аԥсны жәлар Аиааира 30 шықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова Аԥсны жәлар Аиааира 30 шықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.
Захарова иазгәалҭеит, Аҟәа имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа урыстәылатәи ачынуаа шалахәхо.
"Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарра аргылараҿы ишәылшаз рацәоуп. Аекономика ӷәӷәахоит, асоциалтә ҭагылазаашьа еиӷьхоит, аинвестициатә проектқәа нарыгӡоит, жәларбжьаратәи аимадарақәа еизҳауеит, атуристцәа рхыԥхьаӡара иацлоит" , - лҳәеит лара.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда лажәақәа рыла, абарҭ аусқәа рынагӡараҿы Урыстәыла ацхыраара ду ҟанаҵоит.