Аԥсны

Афонд "Ашана" Амир Ҳалуашь изы аԥареизгара хацнаркит

Амир Ҳалуашь уаанӡагьы дахьырхәышәтәуаз аклиникаҿы аҽазныкгьы аҽыхәышәтәра дахысырц азы иаҭахуп 226 000 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аҷаркәалкреи, аепилепсиеи, ахәыҷтәы церебралтә даблеи змоу аашықәса зхыҵуа Амир Ҳалуашь изы аԥареизгара хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит афонд асаит.
Ахәыҷы уажәаԥхьа аҽыхәышәтәра дахысуан амедицинатә технологиақәа Москватәи ринститут аҿы. Ахәышәтәра аҷаркәалкра арԥсыҽра иазырхан, иара убасгьы ижьышәақәа ртонус аиҵатәра.
Уи адагьы Амир амассаж изыҟаҵалатәуп, абаҩырҵәырахь дныҟәалароуп, ицәажәара аҭышәныртәаларазы аҽазыҟаҵарақәа дырхыслароуп. Арҭ зегьы иахьа уажәраанӡагьы иҭаацәа имҩаԥыргон, ишизеиӷьхазгьы убартә иҟан.
Амир ижьышәақәа ԥсыҽхо иалагеит, ахьаа имоуп, иҽирҵысыҵәҟьаргьы ахьаа изцәырҵуеит. Уи адагьы аоперациа ихигароуп илақәа ахьеишьклаԥшуазы.
Аҳақьымцәа уаанӡатәи аклиникаҿы иҽыхәышәтәра иациҵарц абжьгара ҟарҵеит, уи азы иаҭахәуп 226 766 мааҭ.
Ахәыҷы ицхраашьазы аинформациа афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы иарбоуп.