Аԥсны

Аладатәи арратә округ амотохысцәа Аԥсны "аӷа" иҽазыҟаҵарҭатә лагер ықәырхит

Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала Аԥсны игылоуп Аладатәи арратә округ иатәу урыстәылатәи 7-тәи арратә база.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28- Sputnik. Аладатәи арратә округ амотохысцәа Аԥсны "аӷа" иҽазыҟаҵарҭатә лагер ықәрыцҟьааит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аруаа "аӷа" итыл иагәылыланы ареид мҩаԥыргеит аԥырҩы дызҭам ахархәага "Орлан-10", акәылӡтранспортерқәа БТР-82А рхархәарала.
Аԥшааратә гәыԥқәа игәыгәҭажьыз ахыбрақәа рҿы аҽазыҟаҵаратә лагер шыҟаз еилкааны иажәлеит БТР-82А, агранатаршәгақәа РПГ-7В, аштаттә хысга абџьар рхархәарала, иагьықәырхит.