Аԥсны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": Марина Бганԥҳа аиааира ҳазгом ҳәа зныкгьы сазымхәыцит

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
Адырраҭара асас "Агәымшәараз" амедал занашьоу Марина Бганԥҳа илгәалалыршәеит леибашьратә мҩа шалагаз.
"Сашьа дақәшаҳаҭӡамызт аибашьра сцар, џьара сшәыцхраауеит сцоит сҳәан "ҳара банаҳҭаххо баҳгоит, макьана ҳафатә ҟаҵала, ҳамаҭәа ӡәӡәала, аҩны быҟаз" ҳәа иҳәон. Ус абҵарамзазы агәыԥқәа реиҿкаара иалагеит, ус иалагеит сеибашьратә мҩа", - лҳәеит Бганԥҳа.
Аибашьра ианалага Марина Бганԥҳа 28 шықәса лхыҵуан, агәыԥ "Душман" аҟны амедеиҳәшьас дыҟан.
"Агәрагара ҳаман, бзиа ҳаибабон, ҳаихӡыӡаауан, аиааира ҳазгом ҳәа зныкгьы сазымхәыцит", - лҳәеит Бганԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.