Аԥсны

Аҟәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" хацыркхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Ԥсра зқәым архәҭа" аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа аҟынтәи ихацыркхеит.
Акциа иалахәуп зқьҩык инеиӡаны. Акциа иалахәу рнапаҿы иркуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аибашьцәа рфотосахьақәа.
Кристина Григолиаԥҳа акциа далахәуп лаб иашьа Геннади Григолиа ипортрет кны.
"Авзвод деиҳабын, напхгара риҭон 18019 шықәса зхыҵуаз аибашьцәа. Аибашьра зегьы дылсит, дҭахеит цәыббра 17 1993 шықәсазы. Данҭаха ашьҭахь "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иҳҵан", - лҳәеит Кристина Григолиаԥҳа.
Иҭахаз забду иашьа ихьӡ зыхҵоу Ҭеимыр Арӡынба ипортрет иманы ашҭа дықәсуеит.
"Сабду иашьа иоуп. Мрагыларатәи афрон аҟны деибашьуан. Дҭахеит аӷа итанк аҭархаразы ажәылараан. Данҭаха ашьҭахь "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иҳҵан", - иҳәеит Ҭеимыр Арӡынба.
"Ԥсра зқәым архәҭа" алахәылацәа Ахьӡ аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит, уи ашьҭахь Ахақәиҭра ашҭа иқәсуеит.