Аԥсны

Аиааира 30 шықәса: Аҟәа Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Цәыббра 30 аҽны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Агәалашәаратә уснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, аветеранцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, ауаажәларра.
Цәыббра 30 аҽны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит. Аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мши-ҵхи. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны аганахьала иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Аиааирахь амҩа: 413 мшы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шцоз