Аԥсны

Аӡиас Баслаҭа ихырҵаз ацҳа ҿыц аадыртит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аӡиас Баслаҭа ихырҵаз амшын аԥшаҳәеи МВО-и ПВО-и еимаздо ацҳа ҿыц аадыртит Аҟәа.
Ауснагӡатә далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира амшныҳәа алахәхаразы иааз асасцәа.
Аҟәа ахада Беслан Ешба апроект анагӡаразы иҟаиҵаз ацхырааразы аинвестор Михаил Сыҷынаа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Ешба иазгәеиҭеит Аҟәа аинфраструктура аиӷьтәразы ирышо зегьы шыҟарҵо, аҳҭнықалақь иаҭаауа асасцәеи анхацәеи гәахәарыла аԥшаҳәа ианысларц, ацҳа иабзоураны уи километрк аҟынӡа аҽеиҵнахит.