Аԥсны

Ахақәиҭра ашҭаҿы арратә парад хыркәшоуп

Цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭоит акрызҵазкуа аныҳәа - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкыз арратә парад хыркәшан аҽыуаа рымҩасрала.
Апарад иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи. Раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын Аслан Бжьаниа инапынҵала иаԥҵаз аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа равиациатә ескадрилиа.
Иара убас ашҭа иқәсит "Ԥсра зқәым архәҭа". Шәҩыла ауааԥсыра аибашьраан иҭахаз рҭынхацәа рфотосахьақәа шьҭыхны имҩасит.
Ари ахҭыс иахәаԥшырц инеит зықьҩыла атәыла ауааԥсыра, урҭ иргәарԥханы иахәаԥшуан шьаҿеиқәшәала имҩасуаз аруааи атехникеи.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа: аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу