https://sputnik-abkhazia.info/20230930/aslan-bzhania-aourykht-iashara-asny-aup-iztu-1048352188.html
Аслан Бжьаниа: аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу
Аслан Бжьаниа: аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу
Sputnik Аҧсны
Цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭоит акрызҵазкуа аныҳәа - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра. 30.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-30T11:45+0300
2023-09-30T11:45+0300
2023-09-30T12:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1e/1048351541_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_a818673ebc297cffc80340487d396e46.jpg
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу, уи ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиарамҩаҿы иаԥырхагоу, ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку апарад аан."Аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу, ҳара агәраганы ҳаҟоуп ҳаҿиарамҩаҿы иаҳԥырхагоу, ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы шыҟам. Аиаша иадгылоу ҳҩызцәа зегьи ҳареи аус еицуны Аԥсны иалшо зегь ҟанаҵоит ашәарҭадара аиҿкааразы, уи уасхырс иамоуп аизхаҵареи аҳаҭыреиқәҵареи", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара.Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьраан иазуз аекономикатә ԥхасҭа 11 миллион америкатәи адолларқәа инареиҳаны иҟоуп ҳәа ишырԥхьаӡахьоу. Ари аԥхасҭа анаҩс атәыла иаиуит уааԥсырала ацәыӡӡа дуӡӡа, иҭахеит иреиӷьӡаз аҵеицәа х-нызқьҩык инареиҳаны, аҭынч уааԥсыра рыбжьарагьы ацәыӡқәа рацәан. "Даара ирыцҳара дууп зықьҩыла анацәа рыҷкәынцәа аибашьра адәаҟынтәи иахьызхнымҳәыз, Иахьа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, сагьреихырҳәоит афырхацәа зааӡаз анацәа. Урҭ зхы зқәырҵаз аус башамхеит. Дара рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзааргаз ахақәиҭра иабзоураны иахьа, уаҵәы, наунагӡа ҳҵеира, Аԥсны жәлар зегьы рхы шьҭыхны рыԥсадгьыл аҿы инхоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа. Ахада инаҵшьны иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз 1992 шықәса рзы бџьаршьҭыхла иҳажәлаз Қырҭтәылазы иааха духеит, милаҭтә рыцҳарахеит. Қарҭ ацхырааҩцәа рыдгылара рыманы еснагь адипломатиа аганахьалоума, аполитика-зинтә хырхарҭалоума, апропагандатә шьаҿақәа рылоума, иааҟәымҵӡакәа "урыстәылатәи аоккупациа" ҳәа ахыԥша аладырҵәарц ишаҿыц иаҿуп, уи алагьы Аԥсни егьырҭ атәылақәеи русеицура аԥырхага арҭарц азы. Иагьа ус иҟазаргьы, Аԥсны арегионалтәи жәларбжьаратәии аимадарақәа рырӷәӷәара ахықәкы хадақәа иреиуоуп иҳәеит Бжьаниа. Ареспублика шыҿиац иҿиалоит, ақалақьқәеи акурортқәа шьақәдыргылоит, аҳаирбаӷәазақәеи амшынбаӷәазақәеи еиқәдыршәоит."Аԥсны азқьышықәсақәа ирылганы иаанагоит асасдкылара аҵас. Уи аԥсуаа рҿы ихадоу доуҳатә малуп, ҳара аԥхьаҟагьы уи иацҵо еихаҳауа иаҳгалоит, ҳаԥсадгьыл аԥшӡарақәа, абеиарақәа, аҵас, ақьабз зегьы ауаа идҳардырлоит, избанзар абри зегьы - Аԥсны Ихьыԥәшым зых иақәиҭру аҳәынҭқарра аҳасабала уасхырс иазышьҭоуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1e/1048351541_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_9c84efaffa037a8293869260d01b0f60.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа: аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу
11:45 30.09.2023 (ирҿыцуп: 12:45 30.09.2023) Цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭоит акрызҵазкуа аныҳәа - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу, уи ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиарамҩаҿы иаԥырхагоу, ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку апарад аан.
"Аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу, ҳара агәраганы ҳаҟоуп ҳаҿиарамҩаҿы иаҳԥырхагоу, ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы шыҟам. Аиаша иадгылоу ҳҩызцәа зегьи ҳареи аус еицуны Аԥсны иалшо зегь ҟанаҵоит ашәарҭадара аиҿкааразы, уи уасхырс иамоуп аизхаҵареи аҳаҭыреиқәҵареи", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьраан иазуз аекономикатә ԥхасҭа 11 миллион америкатәи адолларқәа инареиҳаны иҟоуп ҳәа ишырԥхьаӡахьоу. Ари аԥхасҭа анаҩс атәыла иаиуит уааԥсырала ацәыӡӡа дуӡӡа, иҭахеит иреиӷьӡаз аҵеицәа х-нызқьҩык инареиҳаны, аҭынч уааԥсыра рыбжьарагьы ацәыӡқәа рацәан.
"Даара ирыцҳара дууп зықьҩыла анацәа рыҷкәынцәа аибашьра адәаҟынтәи иахьызхнымҳәыз, Иахьа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, сагьреихырҳәоит афырхацәа зааӡаз анацәа. Урҭ зхы зқәырҵаз аус башамхеит. Дара рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзааргаз ахақәиҭра иабзоураны иахьа, уаҵәы, наунагӡа ҳҵеира, Аԥсны жәлар зегьы рхы шьҭыхны рыԥсадгьыл аҿы инхоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ахада инаҵшьны иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз 1992 шықәса рзы бџьаршьҭыхла иҳажәлаз Қырҭтәылазы иааха духеит, милаҭтә рыцҳарахеит. Қарҭ ацхырааҩцәа рыдгылара рыманы еснагь адипломатиа аганахьалоума, аполитика-зинтә хырхарҭалоума, апропагандатә шьаҿақәа рылоума, иааҟәымҵӡакәа "урыстәылатәи аоккупациа" ҳәа ахыԥша аладырҵәарц ишаҿыц иаҿуп, уи алагьы Аԥсни егьырҭ атәылақәеи русеицура аԥырхага арҭарц азы.
Иагьа ус иҟазаргьы, Аԥсны арегионалтәи жәларбжьаратәии аимадарақәа рырӷәӷәара ахықәкы хадақәа иреиуоуп иҳәеит Бжьаниа. Ареспублика шыҿиац иҿиалоит, ақалақьқәеи акурортқәа шьақәдыргылоит, аҳаирбаӷәазақәеи амшынбаӷәазақәеи еиқәдыршәоит.
"Аԥсны азқьышықәсақәа ирылганы иаанагоит асасдкылара аҵас. Уи аԥсуаа рҿы ихадоу доуҳатә малуп, ҳара аԥхьаҟагьы уи иацҵо еихаҳауа иаҳгалоит, ҳаԥсадгьыл аԥшӡарақәа, абеиарақәа, аҵас, ақьабз зегьы ауаа идҳардырлоит, избанзар абри зегьы - Аԥсны Ихьыԥәшым зых иақәиҭру аҳәынҭқарра аҳасабала уасхырс иазышьҭоуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.