Аԥсны

Аныҳәатә салиут халарҵеит Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аԥсны цәыббра 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа аныҳәатә салиут халарҵеит.
Ԥштәы рацәала иеилаԥсаз афеиерверк шьыжьнаҵы имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа хнаркәшеит.
Аԥсны Аиааиреи Ахыьԥшымреи рымш аҽны Ахақәиҭра ашҭаҿы арратә парад мҩаԥысит . Аршьаҟауаа рыда ашҭа иқәсит арратә техника, ажәҩан иахыԥрааит авиациа.
Уи адагьы, Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз аҳҭнықалақьи ареспублика араионқәа рҟни аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысит.
Аԥсны
Абиԥарақәа реимадареи аӷа иқәцареи: Аиааира Амш иазкыз атеатртә қәгылара аҵакы