Аԥсны

Аслан Бжьаниа: Аиааира Амш - Аԥсны жәлар рзы еиҳау ныҳәоуп

Цәыббра 30 аҽны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи - аԥсуа ҳәынҭқарреи Аԥсны жәлари рыҿиаразы ауасхыр азышьҭарҵеит, абас иҳәеит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аиааира Амш - Аԥсны жәлар рзы еиҳау ныҳәоуп, ҭаацәацыԥхьаӡа ари аныҳәа азгәарҭоит ҳәа. Ахада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, Нхыҵ Кавкази Урыстәылеи рҟынтәи иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи, аибашьцәа ранацәеи Аиааиразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Ари амш зегьы рзы гәырӷьароуп. Аԥсуа жәлар аҭынчра рзеиӷьасшьоит. Ҳусқәа зегьы Аԥсны ашәарҭадара ахьчара иазырхоуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра аҽны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит, иара убас апаради аконцерти ҟалоит.
Аԥсны
Аиааира 30 шықәса: Аҟәа Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит